pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхразы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭара далахәын.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Ахада иалхразы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭара далахәын.
Абжьыҭара иара убас иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
«Иахьа иалагеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхразы абжьыҭира. Урыстәыла – ари ҳтәыла азы аиашьаратә ҳәынҭқарроуп, астратегиатә партниор ауп. Ҳара даараӡа ҳазҿлымҳауп ҳаимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара. Аԥсны жәлар Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызара ҳаҭырла иазнеиуеит, еиҷаҳауеит, ахә ҳаракны иашьоит акыр шықәсала иҟанаҵо ганрацәалатәи ацхыраара. Сара агәра згоит, ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа, ишыӷәӷәахо ҳтәылақәа реизҳазыӷьара ахьӡала», – ҳәа аҿҳәараанӡатәи абжьыҭара ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Лаша Ашәба Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша «Ливан ачерқьес ассоциациа» ахантәаҩы Риад Цыба напхгара ззиуаз Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәын Апарламент адепутатцәа Рашида Аиба, Винори Бебиа, Нарсоу Салаҟаиа, Баҭал Џьопуа, Инар Гыцба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа Москва инеит Урыстәыла Ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рхылапшразы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа Москва инеит Урыстәыла Ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рахылаԥшразы. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиа – аделегациа анапхгаҩы, Ахра Ԥачлиа, Бадрик Ԥлиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа алахәцәа алхратә кампаниа амҩаԥысшьа жәларбжьаратәи ахылаԥшраҟны иалахәхоит УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини иҟарҵаз ааԥхьарала.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Москва ианнеи УА Алхратә комиссиа хадаҟны атәымтәылауаҩратә акредитациа рыҭан.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟнытә атәымтәылатә анаԥшыҩцәа алхратә комиссиа аусура, алхырҭатә ҭыԥқәа рбараны иҟоуп, иара убас жәларбжьаратәи ахылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны азин рымоуп егьырҭ акандидатцәеи зыгәрагоу урҭ рхаҿқәеи, аполитикатә партиақәа рзинмч змоу ахаҭарнакцәеи, алхыҩцәа ргәыԥқәеи ирԥылар.
«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рзы» Афедералтә закәан инақәыршәаны, атәымтәылатә анаԥшҩы азин имоуп Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҵакыра зегьы аҟны иусура амҩаԥгара.
Апарламент адепутатцәа хәажәкырамзатәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа хәажәкырамзатәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеитАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳаби адепутатцәеи хәажәкырамзатәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Москва имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа асенаторцәеи реиԥылара.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациеи Афедерациа Ахеилак Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилаки Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти русеицуразы Акомиссиа ацхантәаҩы Владимиром Булавини уи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Мартынови реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиа – аделегациа анапхгаҩы, Ахра Ԥачлиа, Бадрик Ԥлиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Аԥсны Ахратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Амаршьан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа рҿы анаԥшҩыс дҟалоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфилова иҟалҵаз ааԥхьарала Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Амаршьани АКХ алахәыла Алиас Бранӡиеи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рхылапшразы Москва инеит.
Рашид Нургалиев Сергеи Шамба иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә телеграмма аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Мирон-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш.
Иахьа Марттәи ажәылара 31-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Марттәи ажәылара 31-шықәа ахыҵра азгәарҭоит. 31 шықəса раԥхьа, 1993 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы Гəмысҭатəи афронт аибашьцәа Аҟəа ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцəа рҟынтə ахақəиҭтəразы мҽхакы ҭбаала ажəылара мҩаԥыргеит. Аԥсуа архəҭақəа Гəмысҭа аӡы ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алалара рылшеит. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Хәажәкырамзазтәи ҳəа зыхьӡхаз ажəылараан аԥсадгьыл ахьчаҩцəа зеиԥш ыҟам афырхаҵареи агəымшəареи аадырԥшит, аҕацəа ртехникеи дареи ааха ӷəӷəа рырҭеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, ажəылара ахықəкы азынамыгӡеит, хәажәкырамза 17, 18 рзы ҳаибашьцəа хьаҵыр акəхеит. Ари ажəылараҿы иҭахеит 200-ҩык инареиҳаны ҳаибашьцəа, шəҩыла ахəрақəа роуит, 23-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит. Зыԥсҭазаара Аԥсны ахақәиҭра иахҭнызҵаз Афырхацəа ргəалашəара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Афырхацəа рыхьӡ кашəара ақəым!
Ешыра ақыҭан Марттәи ажәыларатә операциа аҿы иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Агәалашәаратә церемониа рхы аладырхәит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнакцәа, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аусзуҩцәа, иҭахаз аибашьцәа-афырхацәа ранацәа, астудентцәеи ашколхәыҷқәеи.
Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара азы 222 цәашьы адыркит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнакцәеи В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аусзуҩцәеи иҭахаз ранацәеи астудентцәеи ашколхәыҷқәеи, ахәылбыҽха хәажәкырамза 15 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992—1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа-афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.








