АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь Апрокуратура амилициа аусзуҩ Манча Кьиахьба иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза    27, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Заканеидкыла ахәҭаҷ 288, ахәҭа З, апункт «а» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла аусеилыргара хацнаркит.    

Заанаҵтәи аусеилыргара Аусбарҭа ишышьақәнаргылаз ала, Аҟәа ақалақь амилициа актәи аҟәша ахь амаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы инашьҭыз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба жәабранмза 3, 2024 шықәса рзы, 14 сааҭи 00 минуҭи   17 сааҭи 30 минуҭи рыбжьара, иусуратә ҭыԥ аҿы дшыҟаз, имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны, амаҵура аинтересқәа реилагарала, гәҭакыла, ихымҩаԥгашьа иаҵоу ауаажәларратә шәарҭареи азинеилагареи шеиликаауазгьы, иаанкылаз атәылауаҩ Сабекьиа Асҭамыр Џьон-иԥа амч ахархәарала дизныҟәеит.   Кьиахьба Манча иаанылаз иаанкылаз ауаҩы инапқәеи ижҩахырқәеи рганахьала 11-нтә ҭаҷкәымла дисит, иара убри ала уи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақа  русзуҩцәеи ӷәӷәала рыхьӡ лазырҟәуа ала ихы мҩаԥигеит. Аԥсны апроукратура Хада аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Асҭамыр Сабекьиа уаанӡа амчра ахаҭарнакцәа – Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа актәи аҟәша аусзуҩцәа рганахьала жьҭаарамза 23, 2023 шықәса рзы аҭыԥ змаз амч ахархәара афакт азы дыгәҩараны, иԥшаареи иаанкылареи рзы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан.


Read 131 times - Ахәаша, 28 Рашәара 2024 13:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.