АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2024

Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц Санкт-Петербург имҩаԥысуа афорум аҿы Аԥсны Аконституциа азы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц XII Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиустициа аминистрцәа  иаарту реилатәара ихы алаирхәит.

Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа аминистр Контантин Чуиченко ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара рхы аладырхәит адунеи  20 тәыла рҟынтәи аиустициа аминистрцәа.

Аусмҩаԥгатә иаарту аилатәара аформат ала имҩаԥысит. Араҟа аминистрцәа азакәанԥҵара асистематизациеи аиӷьтәреи, аиашаӡбара алыршара, аимак-аиҿакқәа рҭышәынтәалара амеханизқәа рыҿиара, азиндырра  ацифратә формат ахь аиагара, даҽакала иуҳәозар аԥхьаӡацыркра, ашьаус-нагӡаратә система арҿиара,  зус ӡбоу рсоциалтә адаптациеи дара рзы иҿыцу аҭагылазаашьақәа ранраалареи, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы инарҭбааны ирылацәажәеит.

Ареспублика Аԥсны Аконституциа иарбоу ифундаменталу азинқәа дырзааҭгыло, Анри Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит: «30 шықәса раԥхьа ҳаамҭазтәи аԥсныти Аконституциа аԥҵаҩцәа-ашьаҭаркыҩцәа даара имариамыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан ихадоу анорматә усшәҟәы еиқәдыршәеит, уи иахьа уажәраанӡагьы актуалра шамац иаанхоит.

Аԥсны ажәлар насыԥ рыман ари акыр зҵазкуаз аиҭашәаратә аҭоурыхтә аамҭа азы амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахадараҿы амилаҭтә ԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба аԥхьа днаргыланы, аԥышәа ду змаз, ахара ихәыцуаз аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ахьыҟаз».

Рашәарамза 27 рзы иара убас имҩаԥысит афорум апленартә еилатәарагьы. Уи, шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев.

Апленартә сессии атема – «Аглобалтә еибакапанра – азин ашьаҭа  аҳасабала» («Право как  основа – глобального равновесия»).

Аилатәара аҿы иқәгылеит Куба аиустициа аминистр Оскар Мануель Сильвера Мартинес, Намибиа апрокурор Хада Фестус Мбандека; Таллинтәи ауниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Жәларбжьаратәи азин Аинститут ԥыхьатәи апрезидент, алахәыла Реин Миуллерсон, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҷыдалкаатә ажәахәҟаҵаҩы Елена Довгань.

 


Read 196 times - Ахәаша, 28 Рашәара 2024 13:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.