Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиеи Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩ Алиса Бигәааи ХII Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум аусура рхы аладырхәуеит.
Афорум атема хада – «Аглобалтә еибакапанра – азин ашьаҭа аҳасабалеи азинеиҟарара ашьаҭала ишьақәгылоу адунеи аҿы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицуреи».
Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум – азиндырратә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара атәылауаа ринтересқәа рыхьчаразы азин, азинрхчаратә ԥышәеи аусуреи реиӷьтәра, азинтә культура аҿиареи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы асоциал-економикатә усхкы аҭышәынтәалареи ралыршара, уҳәа азҵаарақәа рылацәажәара хықәыс иҟаҵаны адиалог амҩаԥгаразы иреиҳау плошьадканы иҟоуп.
Афорум аусутә программа иалагалоуп 120 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа – аконференциақәа, астол гьежьқәа, аусуратә сессиақәа.
Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа азинқәа рыхьчареи аконституциатә хылаԥшреи ирызкны имҩаԥгаз аконференциа аҿы «Аконституциатә хылаԥшра – Ареспублика Аԥсны аҳәнҭқарратә шьақәгылара аҿиара азы ихадоу факторны иҟоуп» ҳәа атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.
«Абҵара 26 рзы исуверентәу, адемократиатә, азинтә ҳәынҭқарра ашьақәыргылара зырҵабыргыз Ареспублика Аԥсны Аконституциа адкылара ҟалеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Ихьыԥшым Ареспублика Аԥсны Аконституциа аконституцианализми адемократизми рыпринципқәа зегьы ирықәшәо ишьақәгылоуп. Жәлар рымчра аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә маҵурауаа, иааизакны аҳәынҭқарра азинтә шьаҭа зегьы русура Аконституциа иақәшәо имҩаԥысуазароуп. Убри ауп аҳәынҭқарра аконституциатә хылаԥшра аинститут ахықәкызаара хадас иҟоугьы», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара лықәгылара аҿы.