Уи ҷыдала иазгәеиҭеит аспортсменцәа Ҟазан иаадырԥшыз аихьӡарақәа – шықәсырацәа инеиԥынкыланы рҽазҵәылхны ирбаз аџьабаа ишабзоурахаз.
«Ҟазан иаашәырԥшыз аихьӡарақәа - шықәсырацәала ижәбаз аџьа иалҵшәахеит. Аԥсны зегьы шәықәгыларақәа рбеит, аицлабрақәа бжьамыжькәа ҳрыхәаԥшуан, ҳрызгәдууп ишәымоу ақәҿиарақәа. Агәра згоит аԥхьаҟатәи БРИКС ахәмаррақәа рзы ҳкоманда иҵегьы еиӷьны аҽазыҟаҵара шрылшо, уажәтәиқәа иреицәамкәа алҵшәақәа раарԥшра шшәылшо», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Иара аспортсменцәа аринахысгьы рыспорттә ԥсҭазаара аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи аиааира ҿыцқәеи рзеиӷьаишьеит.
«Аринахысгьы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аиааира ҿыцқәа, есааира аизҳара.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра гәык-ԥсык ала шәахьазыҟоу, аԥсадгьыл ахь агәбылра ишәымоу азы», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин убасҵәҟьа аспортсменцәа дрыдныҳәалеит.
«Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит шәықәҿиарақәа. Аԥсны еизгоу акоманда аиааиразы агәызыҳәара ду аарԥшны бжь-медал аиура иаԥсахеит, азеиԥш зшьа аҿы аҳәынҭқаррақәа жәпакы ираԥасит. Иазгәаумҭар алшом аԥснтәи аспортсменцәа амедалқәа зегьы – абокс, аиқәԥара, асамбо, адӡиудо реиԥш иҟоу адисциплинақәа рҿы ишроуз. Уи зегьы даҽазныкгьы иарҵабыргуеит агәаӷьреи аиҵамхареи зныԥшуа аԥсуа жәлар рҟазшьа аҷыдарақәа », – ҳәа иҳәеит иара.
Михаил Шургалин аԥснытәи акоманда иарбоу ахәмаррақәа рылахәхара аспорттә ҵакы анаҩсгьы, акыр зҵазкуа аполитикатә ҵакгьы шамыз азгәеиҭеит.
«Рыԥсадгьыл аҳәынҭқарратә биараҟ иаҵагыланы Жәларбжьаратәи аспорттә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы алшара ииашамкәа изымхыз Аԥсны амилаҭтә еизгоу акоманда уажәы идуу аспорттә усмҩаԥгатә иалахәхеит», – ҳәа иҳәеит Михаил Шургалин. Уи убри аан ари аус шьахә аҿы аспортсменцәа разыҟаҵаҩцәа реиԥш атәыла анапхгарагьы рыбзоура шалоу азгәеиҭеит.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Урыстәыла Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аус аҿы адгылара аҭара иацнаҵоит, ареспублика аспорттә еимадарақәа рырҿиара аҳасабалагьы уахь иналаҵаны.
Иара аԥснытәи аспортсменцәа анаҩсгьы аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи рзеиӷьаишьеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгабы Абесалом Кәарҷиа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы ахьтәы медал згаз Герман Ҭемыр-иԥа Арџьениа – аспорт аҟны аихьӡара дуқәа рзы, Аԥсны абокс аҿиараҟны илагаламҭазы, абаҩрҵәыратә культуреи аспорти апропаганда рзуразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьара азы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа даԥхьеит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аԥснытәи аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы хьыӡла-ԥшала ареспублиа ахьӡала иқәгылеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Шәара ҳара зегьы ҳәгәазыхәарақәа нашәыгӡеит, жәларбжьаратәи аспорттә еиҿкаарақәа Аԥсны ҳәа изышьҭоу аспорттә тәыла шыҟоу рырдырразы ишәылшоз зегьы ҟашәҵеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны амилаҭтә еизгоу акоманда Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхара алыршаразы иҟаиҵаз адгылареи ацхыраареи рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иара убас Урыстәыла аспорт аминистр Олег Мотыцин иҟынтәи асалам ииҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа ирылахәыз аспортсменцәа аԥаратә премиақәа риҭеит.
Убас, абокс азы ахьтәы медал згаз Герман Арџьениа ианашьахеит аԥаратә ҳамҭа – 500 000 мааҭ рзы асертификат, уи иазыҟаҵаҩ, Елизбар Џьологуа –250 000 мааҭ рзы асертификат.
Абырзен-урымтә еиқәԥара азы араӡны медал згаз Рамазан Арапханов иоуит 300 000 мааҭ рзы асертификат, уи иазыҟаҵаҩ Алихан Арапханов –150 000 мааҭ рзы асертификат.
Асамбо, зхы иақәиҭу аиқәԥара, абокс, аӡиудо азы аџьазтә медал аиура иаԥсахаз Рахман Напиџьев, Даниил Харчлаа, Мараҭ Кокосқьериа, Беата Аршба, Инал Гаделиа 200 000 мааҭ рзы асертификатқәа рыҭан, урҭ разыҟаҵаҩцәа Мараҭ Абитов, Размик Алабиан, Дауҭ Лазба, Альберт Карди-оглы, Андреи Погосов – 100 000 мааҭ рзы асертификатқәа роуит.