АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 15:10

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба агазеҭ «Республика Абхазиа» аколлектив ҭыҵуеижьҭеи 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

«Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Агазеҭ «Республика Абхазиа» аколлективи, аредакциа аветеранцәеи, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа зџьабаала ари аҭыжьымҭа аԥызҵоз, аԥҵара иаҿу зегьи агазеҭ 35 шықәса ахыҵра аиубилеи рыдысныҳәалоит!
Агазеҭ азы ҩажәи жәохә шықәса баша рыцхәӡам. Ари Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоу епоха дуӡӡоуп. «Республика Абхазиа» аҭыҵра иалагеит 1991 шықәсазы, ҳтәылазы зегь реиҳа ихадоу, аҵак ду змоу аамҭақәа раан. Агазеҭ аҭыҵра ианалага раԥхьатәи амшқәа инадыркны баша аинформациа иахыҵхырҭамызт-уи ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаара иахәҭакхеит, атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа аанарԥшуан, Аԥсны алахьынҵа ҳәаақәызҵоз ауааи ахҭысқәеи ртәы еиҭанаҳәон.
 
Амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба иӡбамҭала иаԥҵаз агазеҭ аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит уи ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа.Агазеҭ раԥхьатәи редактор хадас дҟалеит Витали Чамагәуа. Уи ицны ажурналистцәа, аредакторцәа, аредакциа аусзуҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан арратә корреспондентцәак раҳасабала ззанааҭтә усура иацызҵазгьы.
 
35 шықәса рыҩнуҵҟа рҽырыԥсахуан ажурналистцәа рабиԥарақәа, атехнологиақәа, аинформациа аҭашьа. Аха ԥсахрада иаанханы иҟан ихадараз — агазеҭ атәылеи аԥхьаҩцәеи рааигәара аҟазаара, имҩаԥысуа ахҭысқәа профессионалла реиҭаҳәара, акрызҵазкуа ахҭысқәеи ауааи ргәалашәара аиқәырхара.
Иахьа «Республика Абхазиа» аусура иацнаҵоит аџьынџьтәылатә журналистика иреиӷьу атрадициақәа еиқәырханы аформат ҿыцқәа анапаҿы иааганы. Агәра ганы сыҟоуп аҭыжьымҭа аԥышәа беиа ԥхьаҟатәи аҿиаразы узықәгәыӷша шьаҭаны ишыҟало.
 
Агазеҭ «Республика Абхазиа» аредакциа аколлектив, аредакциа аветеранцәа, ажурналистцәа, амедиагәыԥ «Аԥснымедиа» аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, азанааҭтә қәҿиара ҿыцқәа.
Агазеҭ «Республика Абхазиа»35 шықәса ахыҵра инамаданы аиубилеи шәыдысныҳәалоит».

Read 10 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.