pressadmin-2

pressadmin-2

Азооферма «Амахҽқәа рахь сасра» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан. Аартра иалахәын Гагра араион асасцәеи ауааԥсыреи, Ахадара ахаҭарнакцәеи.

Уи ашьақәыргылара алыршахеит Камани Шьромеи рхақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рашьцәа Адгәыр Ҳагәышьи Нодар Ҵышәбеи ирыбзоураны. Абаҟа аргылара хацлыркхьан зыҷкәыни зыԥшәмеи ҭахаз, иахьатәи амш иахаанымхаз Зинаида Папцаа.

Азакәан апроект ала иарбоу анорма амчра аиуеит еихшаны.  Аԥсуа милаҭ иатәу Аԥсны атәылауаа рзы аҳәынҭқарратә аԥсшәеи аурыс бызшәеи рдырра иазырхоу адҵа аусура иалагоит 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны, егьырҭ амилаҭқәа ирыҵаркуа Аԥсны атәылауаа рзы — 2032 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны.

Азакәанԥҵаратә аԥшьгара адепутат истатус азинтә ҭышәныртәалара аиӷьтәреи атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа аусура аконституциатә шьаҭақәа рырӷәӷәареи иазырхоуп.

Аԥсны адгыдара азҭо Кавказтәи аилакы Ҭырқәтәылатәи ауаажәларреи аԥсуа диаспореи рахь аофициалтә ааԥхьара ҟанаҵеит. Аиҿкаара адҵа ҟанаҵоит аԥсуа жәлар рнеи-ааирҿы ахақәиҭра рзаԥҵазарц, ареспубликеи дареи ишиашоу атранспорттә еимадара аадыртырц.

Апрограмма иалахәуп жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа Валери Барганџьиа (ауарӷан), Елена Ҳагба, Нана Черқьезиа (асопрано), Мариа Иамакова (афортепиано), иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асолистцәа Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Николаи Ружавински (альт).

Зымҽхак ҭбаау аинвестициатә проект нагӡахоит урыстәылатәи абанк ВТБ афинанстә цхыраарала, азинҷыдатә кредит аҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Гәылрыԥшь араион иаҭааит азинҷыда змоу аинвестициатә кредит аҭара апрограмма анагӡара иазку анҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа иҭагӡаны.

Аиҿцәажәараан аконсул уажәтәи иусура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аусеицура анаҩстәи ахырхарҭақәа азгәарҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.