pressadmin-2

pressadmin-2

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иарҭеит аҭоурыхтәи акультуратәи ҵакы ду змоу аџьазтә ԥҳал. Уаанӡа ари ажәытә ԥҳал аҳазалхырҭа аусзуҩцәа закәаншьаҭада атәыла анҭыҵ агара аҽазышәара иаҿыз ирымырхит, уажәы акультуратә ҭынха аиқәырхаразы официалла аусбарҭа иарҭеит. Хара имгакәа амузеи аусзуҩцәа артефакт инҭырҳәцааны аҭҵаара иалагоит ҳәа аанацҳауеит ГТК апресс-маҵзура.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва диԥылеит Россотрудничество анапхгаҩы Игор Чаика, аганқәа алацәажәеит аҵара, аспециалистцәа ҿарацәа рԥышәа аизырҳара.
Жьҭаарамза аказы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Аԥснытәии Урыстәылатәии ауаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Мирон-иԥа Шамба игәалашәара иазкны имҩаԥгахоит IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Шамба иаԥхьарақәа», ҳәа аанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
Жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рымадареи рзы аилак, 2028 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа ирзыршәо аԥара азы Урыстәылатәи Афедерациеи дареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ацҵаразы азакәан апроект иахәаԥшит.
Атәыла ахада аԥшьгамҭа дадгылеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит амемориал азы аҭыԥ алхраан аветеранцәа ргәаанагара аԥыжәара шамазаауа.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҳәеит амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылареи аҿиареи ҳазҭоу ашықәс азы атәыла анапхгара русура ахырхарҭа хадақәа ишреиуоу. Абри атәы иҳәеит атәыла ахада ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы уажәтәи аусура азҵаарақәа рзы аилацәажәараҿы.
Тема хадақәаны иҟалеит цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара аҽазыҟаҵара, иара убас ақалақьқәеи араионқәеи рҟны уажәтәи аусура, ауааԥсыра ргәы иҵхо азҵаарақәа рыӡбара.

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Башкортосҭани рыбжьара асоциал-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рыҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Геннади-иԥа Назаров «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусмҩаԥгатә асоциалтә проект «Аиҷаҳара аҵакыра» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит, уи Урыстәылатәи Афедерациа ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала зықәрахь инеихьоу ауааи аинвалидцәеи рыцхыраара асоциалтә хырхарҭа змоу икоммерциатәым аиҿкаара (СОНКО) «Агәырӷьара зцу ажәра— Ставрополь» инанагӡоит.
«Hola, Abjasia!» Латинтәи Америка атәылақәеи Аԥсни рыбжьара акультуратә еимадарақәа рыҿиара иазкуп. Аԥшьгамҭа иазԥхьагәанаҭоит аԥсуа, аузбек, Латинтә Америка атәылақәа рбызшәақәа рыла Аԥсны иазку аматериалқәа зну жәларбжьаратәи аволонтиортә ҳеи ацифратә платформеи раԥҵара.
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.