***
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ареспублика Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы уи иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит. Адышшыларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент гәалсра дула ирыдышшылоит Олег Илиа-иԥа Боциев – Ареспублика Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ иуацәеи иҭынхацәеи. Аԥсуа шахтиорцәа рықалақь Ҭҟәарчал ииз Олег Боциев, ибзиаӡаны идыруан ажәларқәа рыиашьара, аинтернационалтә еиҩызареи аидгылареи аицхыраареи ирыҵаз аҵак ду атәы. Иԥсҭазаара зегьы Ареспублика Аԥсны иузаҟәымҭхо иадҳәалан, ҳажәлар аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Олег Боциев Ареспублика Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара итрадициатәу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара, апарламентбжьаратәи еимадара арӷәӷәара рзы иибахьаз аџьабаа. Ҳусураҿы ҳара еснагь иара иҟынтәи адгылареи ацхыраареи ҳауан. Олег Боциев игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵақәа рҿы иаанхоит».
***
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа Олег Боциев иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит. «Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы гәалсра дула иҳадаҳкылеит ҳҩыза ду, ҳашьа, ҳколлега, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дшалҵыз азы ажәабжь хьанҭа.
Олег Боциев – 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, апатриот иаша, ззанааҭтә уалԥшьа анагӡара еснагь ҭакԥхықәрала иазнеиуаз, аҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчара аԥхьа изыргылоз атәылауаҩ. Адипломатс иусура аамҭа иалагӡаны, Олег Илиа-иԥа аԥсуа-аахыҵуаԥстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи аус аҿы илагала ду алеиҵеит, иколлегацәа рыбжьара иахәҭаны акыр аҳаҭыри апатуи иқәын. Олег Илиа-иԥа Боциев игәалашәара лаша Ареспублика Аԥсни аиашьаратә Ааахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рҿы инхо изааигәаз ауаа наунагӡа ирыцзаауеит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.
***
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр А.М.Џьиоев ҭелла даниҿцәажәоз Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы дидышшылеит.
***
Ареспублика Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит. «Гәалсра дула исыдыскылеит Ареспублика Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев иԥсҭазаара далҵит ҳәа ажәабжь хьанҭа.
Олег Ильиа-иԥа Боциев Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аиҩызаратәи аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи аус аҿы акыр зҵазкуа ароль наигӡеит. Иара шықәсырацәа инеиԥынкыланы инаигӡоз адипломатиатә маҵзура зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи аҳәынҭқарра аинтерессқәа рыхьчара гәыкала азнеиреи рыла иҳәаақәҵахон. Иара Аԥсны азы иуадаҩыз аамҭазы, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи иазықәԥоз иашьцәа аԥсуаа дрывагылеит. Олег Боциев илагала дууп Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика адәныҟаполитикатә курс анагӡара ауси Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни реимадара арӷәӷәареи аҿы. Адипломатиатә усура аҿы иааԥсаразы Олег Боциев Аҳаҭыр аордени Аиҩызара аордени ианашьан, уи иара инаигӡоз аусура ареспубликақәа рхадацәеи иколлегацәеи иарҭаз ахәшьара ду арҵабыргуеит. Олег Боциев иԥсҭазаара алҵра – ҳажәларқәа рзы, адипломатиатә маҵзуразы цәыӡ дууп. Игәалашәара лаша ари иналукааша адипломат, ауаҩы бзиа хаҭала дыздыруаз, аус ицзухьаз зегьы нанунагӡа ирыцзаауеит. Гәык-ԥсыкала срыдышшылоит Олег Илиа-иԥа иҭаацәа, изааигәоу зегьы, ацҳаражәҳәарҭа аколлектив» - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә текст аҿы.