АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:10

Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы диԥылеит.

Сухум. 9 сентября 2025.  Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Калугини реиԥылара мҩаԥысит. Аҩри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

2025 шықәса цәыббрамза 9 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва иҟазаараан, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Калугин диԥылеит. Аиԥылара аԥсуа ган аҟынтәи иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мадина Аҩӡба.

Аганқәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара жәибжь шықәса ахыҵреи адипломаттә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи ирзкны еидныҳәалеит. Аԥсни Урыстәылеи русеицура аринахысгьы арӷәӷәареи ганрацәала аҿиареи аҵакы хада азгәарҭеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иазгәеиҭеит, ари аамҭа иалагӡаны аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорреи аиҩызареи рыҩаӡара аҟынӡа ишнеиз.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рымшхәаԥштә зҵаарақәеи арегионалтә мшхәаԥштә зҵаарақәеи ирылацәажәан. Уи адагьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаҵанакуа ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартаменти реимадара азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

 


Read 48 times - Ахаша, 10 Цәыббра 2025 18:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.