pressadmin-2

pressadmin-2

Ашәҟәыҩҩы ибеиоу иҭынха аиқәырхареи аларҵәареи рус аҿы иналукааша ароль наигӡеит Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа. Даур Занҭариа игәалашәара Ацентр шықәсырацәалатәи иҟанаҵаз адгылара алҵшәа бзиақәа аанагоит.

Иара ибеит аԥсуа арбаџьармчқәа иҿыцны ироуз ҳаамҭазтәи абџьари, атехника ҷыдеи, Урыстәылатәи Афедерациеи дареи арра-техникатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыҭазгьы уахь иналаҵаны.

Аԥараҿырпы агәҭаны иануп Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа 7 рҟынтәи ицаз, традициа маҭәала еилаҳәоу быжь-ҩык аԥсуаа, амҳаџьырцәа (Кавказтәи аибашьра анеилга ашьҭахь мчыла ихырҵәаз Аԥсны иашьагәыҭу ауааԥсыра).
Ҵаҟатәи ахәҭаҿы иануп Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб асахьа, иара убас аноминал «10 ԥсарк», аемитент ахьӡ, ианычаԥаз ашықәс.

«Автотранспорттә хархәагақәа аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы» азакәан апроекти уи иадҳәалоу «Амҩатә шәарҭадаразы» азакәани аԥсахрақәа ралагалара иалацәажәеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аҟны ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка ишылҳәаз ала апроект хыркәшахоит алауреатцәа рконцертқәа хԥа рыла ишьақәгылоу агастрольтә программала.

Тамбов ақалақь ахада Максим Косенкови Аҟәатәи аделегациеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Урыстәыла амш аҳаҭыр азы аныҳәатә дкылараҿы иқәгылараан атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари амш атәыла ду амчи, акзаареи, шәышықәсалатәи аҭоурыхи ирсимвоны ишыҟоу, уи ажәларқәа еиднакылоит, азеиԥш беиарақәеи атрадициақәеи пату рықәҵара иашьаҭоуп.

Абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба аԥшаҳәа агәаҭара аихшьаалақәа ҟаҵо.

Назаров инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аҳҭнықалақь азы зымҽхак ҭбаау апроект астратегиатәи аҭоурыхтәи ҵакы шамоу.

Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа хышықәса рахь знык иранаршьоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.