Афонд «Амшра» ацдеректор Елона Турааԥҳа аинформациатә аҭаӡҩырақәа рышьақәыргыларазы аԥшьгара шцәырҵыз атәы дахцәажәеит:
«Ҳара насыԥ ҳаман ифеноменалу аԥшӡара – ԥсабарала еиԥш архитектуратә аԥшӡара ҳагәҭылакны анхара. Аха ас еиԥш аԥшӡара аҿы анхара – уи ухаҭа узы еиԥш, еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рызгьы ахьчара ҭакԥхықәраны иудлоит. Рыцҳарас иҟалаз, ари ахшыҩҵак анырзеилымкаауагьы ыҟоуп, уи аҩызагьы уԥылоит. Убри азоуп апроект «Аҟәатәи амодерн» аҵак ду аманы иҟоуп ҳәа ишазгәаҳҭо. Уи абар шьҭа шықәсқәак инеиԥынкыланы акыр аџьабаа адбаланы анагӡарала, ақалақьуаа реиԥш атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи иҳамоу аҭынха азы адырра рызнагара ҳаҿуп. Уи иаҳгәаланаршәоит шаҟа иуашәшәыроу ари аҭынха, шаҟа аиҷаҳара аҭахны иҟоу, уи аҩыза ашанс уаҳа ишаҳмоуа атәы».
Елона Тураа ҷыдала иҭабуп лҳәеит апроект авторцәа Лана Чхьынџьериаԥҳаи Сабина Агрԥҳаи иарбоу аус гәыкала иахьазнеиз, ирбаз аџьабаа азы. Ҷыдала лара дылгәалалыршәеит «наунагӡа ари апроект ԥсыс иахазаауа» изаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Таиа Гьаргь-иԥҳа Аланиа.
Апроект анагӡара алыршахеит афонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны. Афонд «Амшра» – акыр шықәса инеиԥынкыланы афонд аԥҵаҩы Беслан Родион-иԥа Агрба ибзоурала иааиԥмырҟьаӡакәа асоциалтә аԥшьгарақәа адгылара азҭо уаҳа здаҟам аԥсуа фонд ауп.
«Раԥхьаӡа аԥсны ихацыркхо ари апроект Аҟәа ақалақь ала иалагоит. Ақалақь аҿы игылоу амодерн аамҭа иатәу 19 ҩны рҿаԥшыларатә ганқәа рҿы аинформациатә ҭаӡҩырақәа шьақәыргылахоит. Ҳара даараӡа ҳақәгәыӷуеит шәкыла Аҟәа ақалақь аҿы еиԥш, ҳтәыла егьырҭ ақалақьқәеи рҿы иҟоу архитектура абаҟақәа шьҭа аҭыԥантәи анапхгаратә структурақәеи зҭоурых згәы азыбылуа атәылауааи иҟарҵо адгыларала иахәҭоу ахшыҩзышьра роуп ҳәа», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Елона Тураа.