pressadmin-2
Аҟәа ихацыркхеит XIX Ареспубликатә спартакиада
Аспартакиада аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, аҵара аминистр Хана Гәынба, ақалақьтәи араионтәи аҵарадырра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, иара убас ареспубликаҿы еицырдыруа аспортсменцәа. Аҳәынҭқарратә гимн арҳәо алахәылацәа Аԥсны абираҟ шьҭырхит.
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль адирекциа ахаҭарнакраҿы аҿыханҵазы арҿиаратә мастер-класс мҩаԥысит
Алекциеи апрактикатә зыҟаҵареи аҟазараҿы абстракционизм ажанр иааннакыло аҭыԥ иазкын. Амастер-класс алагамҭазы уи амҩаԥгаҩ, Миа Абӷаџьаа, алахәылацәа ирзеиҭалҳәеит аҟазараҿы абстракционизм аиреи аҿиареи. Дырзааҭгылеит еицырдыруа ажанр азҟазацәа: Васили Кандински, Франц Марк, Џьексон Поллок русумҭақәа.
Сергеи Багаԥшь: «Ихадоу уара ухы аԥхьа уаныԥхамшьо ауп»
Лаҵарамза 29 рзы 15 шықәса ҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи. Џьоукы рзы уи наунагӡа атәыла аҭоурых аҿы ахәҭа ҿыц аазыртыз напхгаҩны даанхоит. Даҽа џьоукы рзы зеиԥш маҷу ауаҩра злоу аӡәы иакәны, уи зегь реиҳа ахә ҳаракны ишьон ақьира, идгьыл гәакьеи иҩызцәеи рааигәа аҟазаара.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҳәаахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи аҳәаахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит.
Диоскураа рыԥшаҳәаҿы археологиатә жрақәа цоит
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратәи институт археологиа аҟәша аусзуҩцәа некрополь аҭҵааразы инарҵауланы аусура мҩаԥыргоит.
Аспектакль «Мариа Стиуарт» аԥхьарбара мҩаԥысит аԥсуа театр аҿы
Арежиссиор Мадина Аргәын XVI ашәышықәсазтәи аҭоурых аиҭашьақәыргылара мап ацәылкит, амчреи, аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи, хаҭалатәи алхреи ртема лҽагәылалхалеит.
Иахьа Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит
Иахьа Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәырбан-ныҳәазы аԥсылманра ныҟәызго ҳџьынџьуаа дрыдныҳәалеит
«Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа!
Аԥсны шәыҟоума, атәым ҳәынҭқаррақәа рыҟны шәыҟоума, аҧсылман дин ныҟәызго ҳџьынџьуаа шәыхьыҟазаалак гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ид аль - Адха - Кәырбан-баирам ныҳәа.
Акыр иаԥсоу ҳаушьҭымҭацәа!
Иахьатәи амш хашҭра зқәым мшны шәыԥсҭазаараҿы иаанхоит. Шәышьҭахьҟа иншәыжьуеит акыршықәса шәызныз амҩа,аҵарадырреи, аиҩызара бзиеи, аихьӡарақәеи ахьаашәырԥшуаз ашкол ашҭа.








