pressadmin-2
Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа «Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аҵабырг» Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп анатиурморт ажанр ала еидкылоу асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Мадина Бигәаа, Лаша Габелиа, Геннади Барцыц, Руслан Чхамалиа, Аксана Барзаниа, Екатерина Гуськова, Адгәыр Ԥлиа, Сабина Кәарҷелиа, Ахра Гәаланӡиа, Аза Мелкониан, Надежда Назарова, Баҭал Џьапуа, Аԥшьа Ҳагба, Руслана Габлиа, Витали Кәаӡба, Мактина Гогьиа уҳәа рсахьақәа ӡыргоуп.
Ицәыргоу асахьақәа (урҭ рхыԥхьаӡара 50 рҟынӡа инаӡоит) рҿы иаарԥшуп: ашәҭқәа, ашәыр, аирыӡқәа. Иаку атематика шрымоугьы аусумҭақәа зегьы еиуеиԥшым.
Аетнонатиурморт иазхьаԥшыз Руслан Чхамалиа заҵәык иоуп.
Анатиурморт иуадаҩу жанруп, иҭыху амаҭәарқәа иргәылаҵәахуп асахьаркыратә ҵак ду.
Аҟәатәи ацәыргақәҵа иаҳнарбеит анатиурморт актуалра змоу жанырны ишыҟоу, ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа шаднаԥхьало.
Ацәыргақәҵа мҩаԥыслоит рашәарамза 10-нӡа.
Аԥсны ааԥынтәи адәынтәи аусурақәа активла ирылагеит
Атәыла анапхгара рыӡбарала ҳазҭоу ашықәс ақыҭақәа рыҿиара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит. Араионқәа реиҭарҿиара иазырхоу аԥшьгарақәа дрылацәажәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Ԥерцхьелиа.
Аусбарҭа ахада иажәақәа рыла, атәыла зегьы аҿы ааԥынтәи адәынтәи аусурақәа мҩаԥысуеит, иахьа хықәкы хадас ирымоуп аҳауатә ҭагылазаашьа маншәалақәа ыҟанаҵ иахьынӡалшо лыҵшәа бзиала рхархәара.
Атәыла ахада идҵақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны анхацәа аматериал-техникатә цхыраара ду рырҭоит.
Ааԥынтәи аусурақәа еиԥҟьарада рымҩаԥгаразы аҳәынҭқарра араионқәа ақыҭанхамҩатә техника азы иахәҭоу абылтәы ала еиқәнаршәоит, уи иалнаршоит ианаамҭоу алаҵара. Иахьазы араионқәа жәпакы абылтәы роухьеит, уи апроцесс иацҵахоит.
Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала ааԥынтәи аусурақәа рҽазыҟаҵара амҩаԥысшьа хылаԥшра шаиҭо, иахьа Аҳәынҭқарра шазыхиоу ақыҭанхамҩа знапы алаку зегьы адгылара рыҭара.
Нхыҵ Кавкази ҳареи ҳаиашьаратә еимадарақәа реиқәырхареи урҭ ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рымадареи акрызҵазкуа усуп
Абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ҟарачы-Черқьесиа аԥсылманцәа Рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы, амуфти Муҳаммад-Ҳаџьы Еркенови иареи реиԥылараан ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара далахәын Аԥсны Аԥсылманцәа иаку Рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы, амуфти Ҭемыр Ӡыба.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны еснагь еиуеиԥшым адинхаҵарақәа ныҟәызгоз ауаа шеиланхоз, аха уи иахҟьаны аимак-аиҿак ахааназ ишрыбжьамлацыз.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит арҭ атрадициақәа ауаажәларраҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи, реиқәырхараҿы ароль ду шынарыгӡо, еиуеиԥшым амилаҭқәеи адинхаҵарақәеи рхаҭарнакцәа шеиднакыло.
Амуфти Муҳаммад-Ҳаџьы Еркенов асасдкылара ҭабуп ахиҳәааит. Уи Бадра Гәынба ҞЧА ахада Рашид Темрезов иҟынтә азеиӷьашьаратә ажәақәа иеиҳәеит.
Еркенов иҳәеит ҩ-ганктәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә усбарҭа адгылара дшазыхиоу. Иара иазгәеиҭеит ареспубликақәа рдоуҳатә усбарҭақәа реинырра арҿиара ишацырҵо.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит Кавказ ажәларқәа рыбжьара аиашьаратә еимадара ӷәӷәа шыҟоу, иазгәеиҭеит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа зегьы, Ҟарачы-Черқьесиагьы налаҵаны, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҟарҵаз адгылара атәы.
Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәалашәара аиқәырхаразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ рфырхаҵара ԥхьаҟатәи абиԥарақәа еснагь ишыргәалашәало.
Бадра Гәынба иациҵеит ҳажәларқәа реинырразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара шхадоу, адинхаҵаратә усхк аҟны аусеицурагьы уахь иналаҵаны.
Владимир Попов ифотоцәыргақәҵа «Ауахәамеи аҳәынҭқарреи. Агәрагареи аҭоурыхи рдиалог» аатит Аҟәа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Владимир Попов ифотоцәыргақәҵа «Ауахәамеи аҳәынҭқарреи. Агәрагареи аҭоурыхи рдиалог» аатит Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Ацәыргақәҵа аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, иара убас еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәеи адинмаҵзуҩцәа рхаҭарнакцәеи.
Амаҵзура «Аԥсныпресс АРТФ» иазнархиаз аекспозициа ауаажәларра рацәа гәахәарыла ирыдыркылеит.
Ацәыргақәҵаҿы иӡыргоуп 50 фотосахьа, урҭ адоуҳатәи аполитикатәи ԥсҭазаара ирышықәснҵарахеит.
Аԥсни Урыстәылеи рықалақьқәа рҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы автор иҟаиҵаз акадрқәа иаадырԥшуеит адоуҳатәи идинтәым аинститутқәеи реинырра. Аҭыхымҭақәа рҿы иаарԥшуп ихадоу аполитикатә усзуҩцәа, зымҽхак ҭбаау аџьартә ныҟәарақәа, иара убас апапцәеи ауахәама аҭааҩцәеи есыҽнытәи рыԥсҭазаара аҟынтәи зыԥсы ҭоу асценақәа.
Афотосахьақәа равтор Владимир Попов инаҵшьны иазгәеиҭеит аусумҭақәа рҵакы ҷыда. Уи иажәақәа рыла, иара уаҩԥсык, профессионалк иаҳасабала даараӡа иқәҿианы иԥхьаӡоит ахҭысқәа рыгәҭаны аҟазаара, иҿыцӡоу аҭоурых хаҭала алахәхара.
Лаҵарамза 18 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит акциа «Амузеи аҿы аҵх»
Лаҵарамза 18 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит есышықәсатәи акциа «Амузеи аҿы аҵх», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи еиуеиԥшым акультуратә хҭысқәеи ацәыргақәҵақәеи ирҭаарц рылшоит. Апроект иалахәхоит Аҟәатәи амузеиқәа, аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма гәылҭәаауп.
Амузеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абааҿы»асааҭ 10:00 инаркны аҭааҩцәа ирбар рылшоит аекспозициа, асааҭ 19:00 рзы имҩаԥгахоит Дауҭ Логәуа икино, анимациатә проект «Аԥсны аҭоурых» арбара.
В.Арӡынба ихьӡ зху аибашьра Ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи иазнархиеит ҽынлатәи апрограмма, уи хацыркхоит асааҭ 14:00 рзы аконцерт ала. Асааҭ 15:00 рзы иалагоит авикторина, асааҭ 17:00 рзы иаартхоит иҷыдоу арратә операциаан иҭахаз Аԥснынтәи аибашьцәа ргәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асааҭ 17:00 рзы иаатуеит ацәыргақәҵа «Анатиурморт. Зыԥсы ҭоу аҵабырг».
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ауааԥсыра ааԥхьара рнаҭоит асааҭ 18:00 инаркны ҵхыбжьонынӡа. Асасцәа анаҩстәи ацәыргақәҵақәа ирҭаар рылшоит: «Аӡи аӡы акәша-мыкәшеи иҟоу аԥсаатәқәа», «Аҳаԥшьа», «Иԥшьоу Аԥсны: агәрагара, атрадициа, асинкретизм». Иара убас, авикторина мҩаԥгахоит, уи аҿы аиааира згаз аусмҩаԥгатә апартниорцәа рҟынтәи аԥхьахәқәа роуеит.
Аԥсны Абанк аԥара амузеи аартхоит асааҭ 21:00 рҟынӡа. Аҭааҩцәа ирзыԥшуп аԥара аҭыжьра апроцесс иазку аекскурсиақәеи алекциақәеи. Иара убасгьы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа игәалашәаратә банкнотақәеи иԥараҿырпқәеи рескизқәа рцәыргақәҵа.
«Аԥснымедиеи» «Урыстәылатәи агазеҭи» («Российкая газета») аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥснымедиеи» Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭа,«Урыстәылатәи агазеҭ» («Российкая газета») аредакциеи аинформациатә еинырразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит «Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуеи «Урыстәылатәи агазеҭ» адиректор хада Павел Негоицеи.
«Аԥснымедиа» анапхгаҩы иажәақәа рыла, «Урыстәылатәи агазеҭ» аус ацура иалнаршоит аинформациа ирасны, ишиашоу аимдара.
«"Урыстәылатәи агазеҭ" алшара дуӡӡа амоуп. Ҳжурналистцәа рԥышәа аизырҳаразы зеиӷьыҟам ҭыԥуп. Аԥсни Урыстәылеи рҭыжьымҭа хадақәа рыбжьара аинформациатә еинырра абжьаҵара логикала ишьақәырӷәӷәоу шьаҿоуп» , - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
«Аԥснымедиа» анапхгаҩы иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра акрызҵазкуа хәҭаны иҟалоит аҭыԥантәи аекспертцәа рҟынтәи аинформациа ирласны, ишиашоу аимдаразы.
«Ианаҭахха аредакциақәа ироур рылшоит ихазхаҭалатәу, игәаҭоу адыррақәа аҭыԥқәа рҿы аус зуа апрофессионалтә журналистцәа рҟынтәи. Аԥснытәи ажурналистцәа Аԥсны иазку ажәабжьқәа нарышьҭлоит, Урыстәылатәи рколлегацәа ракәзар Урыстәыла иазку аарышьҭлоит. Уи ииашам ажәабжьқәа ауаа рыларҵәара алнаршом, аҩтәылак руааԥсыра раԥхьатәи ахыҵхырҭақәа рҟынтәи ахҭысқәа рыӡбахә раҳалоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Џьопуа.
Бадра Гәынба: Аҵарадырра асистема арҿыцразы аԥара рацәаны иазоужьхоит
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аԥсуа бызшәа арҵаразы ахәыҷбаҳчақәа рҿы аметодика ҿыцқәа шалагалоу, уи акрызҵазкуа хырхарҭаны ишыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵара аус аҿы ихадоу мыругақәаны ишыҟоу дазааҭгылеит.
«Ахәыҷы даныхәыҷу ауп аԥсуа бызшәа иҵар анахәҭоу», — иҳәеит иара.
Бадра Гәынба дазааҭгылеит арҵаҩцәа аҳәынҭқарратә дгылара шрырҭо, аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа аԥыжәара змоу акатегориахь ишалыркаауа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, арҵаҩцәа зегьы русура аҵак ду шамоугьы, ҷыдала ахшыҩзышьҭра шрырҭо аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа.
«Акатегориақәа зегьы ирыҵаркуа арҵаҩцәа руалафахәы 15-20 % иацаҳҵеит. Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа ракәзар азеиԥш шьҭыхра анаҩсангьы, урҭ ирзаҳшәоит хаҭалатәи есымзатәи ацҵақәа 5000 мааҭк», - ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
«Избан аԥсуа бызшәп ҳара хшыҩзышьҭра заҳҭо? Иахьа аԥсуа бызшәазы иҟоу ашәарҭарақәа ҳасаб рзуны, ҳара иаҳуалуп уи аиқәырхареи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рымадареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Бадра Гәынба: Иҷыдоу арратә операциаҿы иҭахаз афырхацәа ргәалашәара наунагӡатәхоит
Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ргылахоит Аԥсны. Амемориал азы аҭыԥ алхра иадҳәало аусура атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Бадра Гәынба апресс-конференциаҟны.
Бадра Гәынба атәылауаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит афронт аҿы еибашьуа ирырҭо адгыларазы.
«Ҳџьынџьуаа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп хатәгәаԥхарала еибашьуа иахьрыцхраауа азы. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашықәсқәа раан еиԥш, иахьагьы ҳаҷкәынцәа рыжәҩахыр еибыҭаны Иҷыдоу арратә операциа афронтқәа рҿы азеиԥш интересқәа рыхьчоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иҭахаз аибашьҩцәа рҭаацәа рцәыӡ иацу ахьаа шрыцеиҩыршо. Иара иажәақәа рыла, урҭ рфырхаҵара анаунагӡатәра аҳәынҭқарра иауалԥшьоуп.
«Дарбанызаалак аибашьҩы иҭахара атәыла азы харҭәаашьа змам цәыӡуп, трагедиа дуӡӡоуп. Аибашьра адәаҟынтәи изыхнымҳәыз ргәалашәара иазку абаҟа ашьақәыргыларазы аҭыԥ нықәырԥшны ишьақәҳаргылахьеит», - ҳәа иажәа хиркәшеит Бадра Гәынба.
Атәыла ахада далацәажәеит аенергетикатә усхк арҿиаразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы
Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп афымцамч атарифқәа рырманшәалара, аҳасабырбатә мыругақәа рышьақәыргылара, афымцацәаҳәақәа рырҿыцра, астанциа маҷқәеи атрансформаторқәеи реиҭашьақәыргылара, акоммерциатә фымцамч ахь аиасра аамҭа алхра уҳәа ирацәаны.
«Ҳара аҳақәа реиҭашьақәыргылара апрограмма ҳалагеит, шә-миллионк астанциа маҷқәеи афымцаҳақәеи ирыхҭнаҳҵеит. Ҳара аҳасабырбатә мыругақәа рышьақәыргылара апрограмма ҳаҿуп. 40% инаӡо атехникатә цәыӡқәа ҟалашьа амаӡама. Аиаша еибыҳәара иаԥсазар ҟалап, урҭ цәыӡқәаӡам, аӷьычра ауп иаанаго», - иҳәеит ахада.
Иара Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит асоциалтә фымцамч ахьаарышьҭыз азы.
«Ари цхыраагӡа дуӡӡоуп. Уи аԥарахь ииаугар ҩ-миллиардк иреиҳауп. Даҽа миллиардк ҳхатәы ԥарақәа ахҭнаҳҵеит. Ишаҳбо еиԥш афымцамч азымхара ахҩаразы х-миллиардк ахҭынҵоуп», - иҳәеит Гәынба.
Аенергетикатә шәарҭадара аԥыжәара зҭатәу зҵаароуп иҳәеит Бадра Гәынба апресс-конференциаҟны
«Шәара зегьы ишәгәалашәоит 2024 шықәсазы, афымцалашара арцәара 10-12 сааҭ рҟынӡа ианынаӡоз. Доусы ишәнырит аԥхарреи алашареи рыда анхара шаҟа иуадаҩу», - иҳәеит ахада.
Гәынба иазгәеиҭеит 2016 шықәса раахыс Аԥсны аенергодефицит шамоу.
«Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы афымцамч азымхара иацлон. Уи иаанаго аенергетикаҿы еиҳа иуадаҩу апроблемақәа ҳрықәшәар ауеит ҳәа ауп. Аенергетика аҟамзаара аҳәынҭқарраҿы аусуразы алшара аҟамзаара ауп иаанаго. Убри азоуп аенергетика азҵаара аӡбара хаданы изысыԥхьаӡо», – иҳәеит ахада.








