pressadmin-2

pressadmin-2

«Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа!
Ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс ахыркәшареи аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу ахҭысқәа ируаку ашколтә ԥсҭазаара ахыркәшареи.

Афон Ҿыцтәи аҳаԥы аҩныҵҟа иӡырган ари амузыкатә форум аҿы зегь реиҳа аҵакы змоу апрограммақәа руак.

Акомиссиа напхгара аиҭоит акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа.

Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит уажәтәи аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы. Атәыла ахада аҭыԥантәи ауааԥсыреи ақыҭақәа рхадацәеи дрыҿцәажәеит.

Ашәҟәҭыжьырҭа «Агвардиа ҿа» иҭнажьыз, «Ауаа ҟаимаҭқәа рыԥсҭазаара» асериа иаҵанакуа ашәҟәы «Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы» аӡыргара мҩаԥысит Ҷанба С. ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.

Ари ажәалагала ҟаҵан иахьа атәыла ахадеи Москвантәи иааз алитераторцәа рделегациеи реиԥылараан. Урҭ Аԥсны иаҭааит ашәҟәы «Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы» аӡыргара рхы аладырхәырц.

Гал ақалақь аҿы имҩаԥысит Асовет математик, академик Илиа Векуа игәалашәара иазкыз аиԥыларақәа. Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит: Гал араион ахадара, Дмитри Савельев напхгара зиҭо жәлар рдипломатиа Ацентр, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет (НАУ).

Аиԥылара азкын ҩымчыбжьтәи алагер амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара.

2026 шықәса лаҵарамза 23 рзы, апостол Ԥшьа Симон Кананит (Зилот) игәалашәара амш аҽны Донтәи ахацәа раберҭыԥ аҿы Анцәаратә литургиа мҩаԥган.

 

Апостол Симон Кананит Иҳақәиҭу Иисус Христос иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкын. Апостол ихьӡ ахуп ацқьа Симон Кананит иуахәамеи (IX–X ашә.) Афон Ҿыц иҟоу ахацәа раберҭыԥи. 2013 шықәса раахыс ари амш ареспубликаҿы ныҳәатә мшны иԥхьаӡоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.