АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Мшаҧы.2026

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи уи араионтә ҟәшақәеи аҳәынҭқарраҿы ихадоу ароль нарыгӡоит, атәыла абиуџьет иҭышәынтәаланы ахарҭәаара алдыршоит, асоциалтәи аекономикатәи программақәа рынагӡаразы ашьаҭа аԥырҵоит.

Шәара шәусуреи, шәзанааҭдырреи  ирхьыԥшуп ҳтәыла афинанстә система аҭышәынтәалареи аҿиареи.

Иазгәаҭатәуп ашәахтә усбарҭақәа русураҿы адинамика бзиа, аусура алҵшәа аманы иҟазҵо ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи атехникатә ҿыцрақәеи алагалахоит.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусура  ламысцқьала, гәык-ԥсыкала шәахьазыҟоуи шәзанааҭдырра ахьыҳаракуи рзы.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аринахысгьы ақәҿиара дуқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы аихьӡара ҿыцқәа!»


Read 410 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.