АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:11

Иахьа Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Аԥсны аус руеит 154 школ: Аҳәынҭқарратә школқәа – 152 , ахатәы школқәа – 2.

2025/2026 аҵарашықәс азы ареспублика ашколқәа рҿы аҵара рҵон 29 470-ҩык аҵаҩцәа: 29 039-ҩык аҵаҩцәа аҳәынҭқарратә школ иалгеит, 431-ҩык ахатәы школ.

2 186-ҩык арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рзы иахьа аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.
Ашкол медалла иалгарц азы аԥышәарақәа рҭираны иҟоуп хәҩык аушьҭымҭацәа.

Ареспубликаҿы аус руеит 3 888-ҩык арҵаҩцәа: 3 837-ҩык арҵаҩцәа аҳәынҭқарратә школқәа рҿы, 51-ҩык ахатәы школқәа рҿы.


Read 17 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.