Бадра Гәынба агәырӷьаратә цәаҳәа далахәын атәыла ахада иаҳасабала анаҩсангьы аб иаҳасабалагьы – сынтәа ашкол далгоит иԥа.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ашкол аҭоурых беиа шамоу, иара ишалгахьоу иаԥсоу абиԥарақәа. Атәыла ахада арҵаҩратә коллектив иҭабуп ҳәа реиҳәеит атрадициақәа реиқәырхареи реизырҳареи рзы, иара убас еиҵагыло абиԥара рааӡараҿы рџьабаазы.
Бадра Гәынба аушьҭымҭацәа ԥхьаҟа аманшәалареи аихьӡара дуқәеи рзеиӷьеишьеит.
27.Лаҵара.2026
Иахьа Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол №10 даҭааит.






