Аспектакль аҿы ӡбамҭа хаданы иҟалеит арольқәа реихшара. Хьыбла Мықәба, Ирина Коӷониа, Елеонора Коӷониа, Кристина Цымцба инеиҭак-ааиҭакуа ихәмаруеит Мариеи Елизаветеи ррольқәа, убри алагьы «иршьуеи» «ашьҩи» рҳәаа анырхуеит. Аҭоурыхтә конфликт ацынхәрас ақәыргыламҭа иаҳнарбоит амчреи ауалԥшьеи ирхьыԥшу ҩыџьа аҳәса-анапхгаҩцәа ҩныҵҟала реиԥшра.
Ақәыргыламҭаҿы акрызҵазкуа хәҭаны иҟалоит Хьыбла Мықәба иналыгӡо акомпозитор Ҭемыр Агрба иаԥиҵаз Мариа Стиуарт луасиаҭ ашәа, Алхас Ферзба инаигӡо афиналтә ашәа«Let It Be». Амузыкеи иҭацәу асценатә ҵакыреи рыла ақәыргыламҭа Шиллер итрагедиа ҳаамҭазтәи аконтекст ахь ииагоуп.
сегодня 21:19
Аспектакль «Мариа Стиуарт» аԥхьарбара мҩаԥысит аԥсуа театр аҿы
Арежиссиор Мадина Аргәын XVI ашәышықәсазтәи аҭоурых аиҭашьақәыргылара мап ацәылкит, амчреи, аҩныҵҟатәи ахақәиҭреи, хаҭалатәи алхреи ртема лҽагәылалхалеит.






