Аԥсыжырҭақәа ррыцқьараан аҵарауаа археологиатә материал беиа рбеит:
анышәаԥшьӡы аԥҽыхақәа рацәаны – ачысмаҭәа, абзазаратә маҭәарқәа;
III–IV ашәышықәсақәа ҳера иаҵанакуа аџьазтә ԥара. Аԥараҿырпы иану асахьа, аҩырақәа макьана иубарҭам, уи еиҷаҳаны ирыцқьатәуп;
аԥсыжырҭақәа 24 ԥшаан. Ԥсжырҭа ҭыԥк цқьа инагӡаны еилкаам, иҵегьы аҭҵаара аҭахуп.
Аԥшаҳәаҿы иҟоу анекрополь – ари ажәытә қалақь ауааԥсыра рыбзазареи, рынцәа хаҵарақәеи, рритуалқәеи, рхәаахәҭратә еимадарақәеи (аԥараҿырпқәеи анышәаԥшьӡи лассы-лассы аимпорттә хылҵшьҭра рымоуп), аҭоурыхтә хынҭаҩынҭарақәа, аибашьрақәа, аепидемиақәа, ртәы зҳәо аамҭа «ахьыҵәаху» иаҩызоуп.
Уажәы аҭыԥ аҿы аус руеит апрофессионалцәа ргәыԥ – Аԥсуаҭҵааратә институт археологцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи, аԥсыбаҩқәа антропологиатә анализ рзура иацхраауа аспециалистцәа, адәынтәи апрактика иахысуа астудентцәа.
«Уаанӡа аволонтиорцәа раҳасабала ацхыраара ҟазҵарц зҭахыз рацәаҩын. Аха уажәы аԥсыжырҭақәа аус рыдулара ҳанаҿу аамҭазы аспециалистцәа рымацара радыԥхьалара азҳархеит», - ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Аҩӡба.
Аҵарауаа ирҳәоит анаҩстәи аетап аан, адгьылтә усурақәа рынагӡара анаҭаххалак, ҩаԥхьа аволонтиорцәа адгалатәхар ауеит ҳәа.
сегодня 21:19
Диоскураа рыԥшаҳәаҿы археологиатә жрақәа цоит
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратәи институт археологиа аҟәша аусзуҩцәа некрополь аҭҵааразы инарҵауланы аусура мҩаԥыргоит.






