АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:19

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҳәаахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи аҳәаахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит.

«Аԥсадгьыл аҳәаақәа рыхьчара ианакәзаалакгьы иҷыдоу аҳаҭыри, агәымшәареи, аҭакԥхықәра ҳараки ирусын иԥхьаӡоуп. Иахьа Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа атрадициа хьӡырҳәагақәа ирыцырҵоит, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы адҵақәа хьыӡла-ԥшала инарыгӡоит.
 
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит шәзанааҭдырра, шәмаҵура гәык-ԥсыкала азыҟазаара, ҳтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара аус аҿы аԥсуа ҳәаахьчаҩцәеи шәареи шықәсырацәалатәи шәусеицура. Уи иабзоураны ҳтәылауаа рҭынчреи ршәарҭадареи алыршахоит». - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
 
Бадра Гәынба Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, аҭынчра.


Read 7 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.