Сергеи Багаԥшь аҭоурых данылеит зыԥсадгьыл азхаҵара азаазгаз хадак иаҳасабала, иара напхгаҩыс даныҟаз 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит. Ари амш ҳтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых азы даҟьа ҿыцны иҟалеит.
Ажурналистцәа Багаԥшь дыргәаладыршәоит зегь реиҳа иаартыз анапхгаҩцәа дыруаӡәкны: алафҳәашьа дақәшәон, акритика ҭынч идикылон, аԥхьагыла џьбара ихаҿсахьа дашьҭамызт.






