pressadmin-2
Беата Аршба аҳәса рыбжьара абокс азы Москва ачемпион ҳәа атитул ланашьахеит
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр Донецкҟа агастрольқәа рахь ицеит
Еицырдыруа аԥсуа музыкатә коллектив аконцерттә программа ӡырыргоит Донецк, Мариуполь, аҳабла Мангәыш рҟны.
Акьанџьақәа рыҟаҵара азҟаза Асида Аҳәба лусумҭа «Коломбина» ӡыргахоит Мадрид, ацәыргақәҵа MunecArt аҟны, лаҵарамза 29-31 рзы
Акьанџьа аԥҵоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩ Александр Чачба-Шервашиӡе 1909 шықәсазы Николаи Евреинов испектакль «Илахҿыху аԥсра» иазикыз аескиз амотивқәа рыла.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит Урыстәыла иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес
Астол гьежь «Абиԥарақәа реимадара: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду инаркны иахьатәи афырхацәа рҟынӡа» мҩаԥысуеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы
Аусмҩаԥгатә аадыртаанӡа алахәылацәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ацәыргақәҵа «Зыԥсадгьыл зцәыӡыз — зегьы ицәыӡуеит» иаҭааит
В.Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи аиҭарҿыцра иазку апроект ӡырыргеит апрограмма «Афырхаҵа имҩа» аҳәаақәа ирҭагӡаны
Аинтерактивтә ҭыԥ аартра ргәы иҭоуп цәыббрамза 30 рзы. Аекспозициа шьақәгылоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи, иҷыдоу арратә операциеи ирызку азалқәа рыла. Ихадоу елементны иҟалоит ацифратә портрет, уаҟа еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа ахьчаҩцәа рхаҿсахьақәа ԥшьаала рҽеиҭнырыԥсахлоит, иара убас Асовет Еидгыла Афырхацәа 23-ҩык рбиографиақәа зну аинтерактивтә екран шьақәыргылахоит.
Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа аԥшаҳәаҿы
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәарц инеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ауаажәларра, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Аҟәа иазгәаҭан Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵаразы аиԥылара иалахәыз зегьы
«Ас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иахьа акырӡа аҵанакуеит. Аполитикатә кризисқәеи амитингқәеи рныррала акәымкәа, иҭынчу аҭагылазаашьаҿы аицәажәареи аиԥылареи рзы алшара ҳамоуп. Ҳара жәларык ҳауп, еицаҳзеиԥшу ҩнык ҳамоуп. Хықәкы хадас иҳамоуп ихьыԥшым Аҳәынҭқарра астатус аиқәырхара, асуверенитет ахьчара, ҳтәылауаа рыԥсҭазааразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара», - иҳәеит Гәынба.








