pressadmin-2

pressadmin-2

Лаҵарамза 12 рзы Аԥсни Адыгеиеи Жәлар рпоет, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 109 шықәса ҵит (лаҵарамза 12, 1917 ш. - жәабранмза 25, 2004 ш.). Аҟәа, иара ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥысит ашәҟәыҩҩы иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. Баграт Шьынқәба дыргәаладыршәарц инеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра, арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи рлахәылацәа, апоет иуацәа, ашколхәыҷкәа.
 

Анатоли Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматтә школ ааӡамҭа Владислав Џьопуа Шәача имҩаԥысуаз ашахмат ласқәа рзы атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит. Лаҵарамза 9 рзы имҩаԥысыз аицлабрақәа Аиааира амш азгәаҭара иазкын.
Владислав 14 шықәса зхымҵыц ақәратә категориаҿы дықәгылон.

Ашахматасыҩ қәыԥш илшеит атурнир аҿы зылшара ӷәӷәаз ашахматасыҩцәа риааира. Аицлабрақәа рыӡбаҩцәа иазгәарҭеит аԥсуа спортсмен иазыҟаҵара аҩаӡара шыҳараку, ахәмарраҿы дшыласу.

Аԥхьахәқәа згаз реихшьала абас еиԥш иҟан:
Владислав Џьопуа (Аҟәа)
Ҭемыр Скупченко
Виачеслав Шерстиуков

Владислав Џьопуа аҳҭнықалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа ашахмат асекциа аҿы О.Хәырхәмал инапхгарала иҽазыҟаиҵоит.

Аԥсуа шахматасҩы драцлабуан 2008 шықәсазы иизи , урҭ иреиҵбызи арԥарцәа. Нестор аа-партиак реихшьалақәа рыла аԥхьахәтә ҭыԥ игеит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир еизнагеит иӷәӷәаӡоу ашахматасыҩцәа, аспортсменцәа қәыԥшцәа реиԥш атитул змоу ахәмарыҩцәагьы. Урҭ иреиуоуп жәларбжьаратәи агроссмеистерцәа ҩыџьа, жәларбжьаратәи аҟазацәа ԥшьҩык, ФИДЕ аҟазацәа хҩык.

Гәдоуҭа ихыркәшахеит СССР аспорт азҟаза, Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Роман Чыргбаиа игәалашәара иазку абокс азы IX Жәларбжьаратәи атурнир.

Аԥсни, Беларуссиеи, Ҟазахсҭани, Урыстәылеи, Узбекистани рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа рзы иқәԥон.

Аԥснытәи абоксиорцәа рыбжьара аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит: Гор Апозиан, Альберт Роганиан, Давид Аиба, Асхан Инаԥҳа, Макар Апозиан, Давид Џьоџьуа, Леуарса Аџьынџьал, Даниель Багариан, Гьаргь Гындиа, Едгар Депелиан ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Аусмҩаԥгатә еиднакылеит абиԥарақәа. Аныҳәатә программа гәылҭәаахеит. Иҷыдоу агәалаҟазаара ацын ахәыҷбаҳча «Алашара» ааӡамҭацәа рықәгылара. Анаҩс асценахь ицәырҵит аԥсуа естрада артистцәа, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәеи ахореографиа ашкол «Акәашара амҩа» алахәылацәеи еицынарыгӡеит  авальс «Аамҭа иагәылганы». Ари ақәыргыламҭаҿы ахореографиеи, зыԥсы ҭоу амузыкеи, аеффектқәеи иҳаҩсхьоу аамҭахь ҳдырхынҳәуан. Артистцәа инарыгӡеит Асовет аамҭазтәи арра-патриоттә ашәақәа реиԥш ҳаамҭазтәи акомпозициақәагьы.

Аконцерт инаваргыланы ашҭаҿы еиҿкаан адәынтәи амаҵурҭа, иаатит атематикатә фотоҭыхырҭа ҭыԥқәеи Аԥсны ааираҿы иҟанаҵаз алагала атәы зҳәо аинформациатә цәыргақәҵеи. Ахәыҷқәа рзы еиҿыркааит амастер-класс «Акаҭран аҿы асахьа ҭаҳхуеит». Ақалақь зегьы ашәыга лашақәеи ахәыҷқәа рыччаԥшьи рыла иҭәын.

Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит «Москва Аҩны» Москва Аиҳабыреи, адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти, Москватәи аџьынџьуаҩ Иҩни иҟарҵаз ацхыраарала иабзоураны.

Владимир Путин Аԥсны ахада бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәауа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дахьрылахәыз азы.

«Шәара шәзы ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рҿы аҟазаара џьашьатәӡам, избан акәзар, 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду рхы аладырхәит, 23-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан. Иҟан Ахьӡ-аԥша аорденқәа хԥа змазгьы, 17 нызқьҩык инареиҳаны иҭахеит, уи ахаҿаагара уадаҩуп», - иҳәеит Путин.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа жәлар рзы абиԥарақәа ргәалашәара, аҳаҭыр рықәҵара шхымԥадатәиу.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыги Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 81 шықәса ахыҵра иазкыз Москва имҩаԥысуаз арратә парад рхы аладырхәит.

Апарад анхыркәшаха Урыстәыла Ахада Владимир Путини аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхадацәеи аибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз ргәаладыршәеит. Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи иԥшәмаԥҳәыси Александровтәи абаҳчаҿы Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Шьаҿеиқәшәала арратә цәаҳәа иқәсит аруаа, апарад аҿы ицәырган арратә техникагьы.
Апарад идикылеит атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба.

Агәырӷьаратә мҩасра иалахәын 700-ҩык инареиҳаны аруаа. Урҭ иреиуан атәылахьчара аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи еидҵоу арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә усбарҭа иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа рырхәҭақәа.

«Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аныҳәа ду-Аиааира амш. Ари иԥшьоу амш наунагӡа ауаатәыҩса рҭоурых аҿы агәымшәареи, ахачҳареи, аԥсадгьыл хамеигӡарада абзиабареи ирсимволны иаанхоит. Егьа шықәса царгьы, Аиааира ду аҵакы ыӡуам, уи абиԥарақәа зегьы рзы имҩақәҵаганы иҟазаауеит. Аԥсны жәлар Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы реиԥш аԥсадгьыл ду анемец-фашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ирыхьчеит. Зықьҩыла ҳџьынџьуаа афронт ахь ицеит урҭ иаадырԥшит, афырхаҵареи ахамеигӡареи», — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Лаҵарамза 9 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь ҩаԥхьа жәларбжьаратәи амемориалтә акциа аҽаланархәит. Шәҩыла ауаа рабдуцәа - Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз рпатреҭқәа рыманы ақалақь амҩадуқәа рахь ицәырҵит, афронти атыли рҿы аиааира зчаԥоз ргәаладыршәарц.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.