pressadmin-2
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрс дҟаҵоуп Кама Аӡынба
Аӡынба Кама Гарри-ԥҳа диит ԥхынҷкәынмза 2 1982 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы;
2000 шықәсазы Ленинградтәи аҳәынҭқарратә областтә университет азиндырратә факультет дҭалеит, актәи акурс даналга ашьҭахь диасит О. Е. Кутафин ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә зиндырратә академиахь, далгеит 2005 шықәсазы;
2007 шықәсазы дҭалоит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Адипломатиатә академиа аспирантура «Жәларбжьаратәи азин. Европатәи азин» азанааҭ ала;
2006-2007 шш. - аиҿкаара «Москватәи ақалақьтә ӡыргара» аҿы дзиндырҩын
(ақ. Москва);
2008 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи ркафедраҿы рҵаҩыс аус луеит;
2017 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс аус луеит;
2020 - 2025 шш. - Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ дыҟан;
2025 ш. жьҭаарамза 13 инаркны иахьанӡа Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр инапынҵақәа налыгӡоит.
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара лымоуп.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Едуард Быҭәба Аԥсны аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Атәыла Ахада иусԥҟала агәабзиарахьчара аминистрс дҟаҵоуп Асҭамыр Гәниа
Гәниа Асҭамыр Қарбеи-иԥа диит 1976 шықәса жьҭаарамза 26 рзы;
1993 шықәсазы далгеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 1;
1993-1999 шш – Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет аҿы «Ахәышәтәратә ус» азанааҭ ала аҵара иҵон;
1999-2000 шш. - Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы «Азеиԥш хирургиа»азанааҭ ала аинтернатура дахысуан;
2000-2004 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәшаҿы аус иуан;
2004-2006 шш - Ставропольтәи амедицинатә академиаҿы аординатура дҭан;
2006-2014 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аурологиатә ҟәшаҿы аҳақьым-урологс аус иуан;
2014-2020 шш – Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа аурологиатә ҟәша аиҳабыс дыҟан;
2020-2022 шш – Аҟәатәи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа наигӡон;
2022 шықәса инаркны иахьанӡа - Аҟәатәи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дыҟоуп;
Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым, «Ахьӡ-Аԥша» аорден 3 аҩаӡара ианашьоуп;
Дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшара драбуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Владимир Ануа Аԥсны аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Атәыла Ахада иусԥҟала атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп Беслан Ҵәыџьба.
Ҵәыџьба Беслан Андреи-иԥа диит 1970 шықәса хәажәкырамза 30 рзы;
1988 ш. инаркны 1990 шықәсанӡа Приволжтәи-Уралтәи арратә округ аҿы аррамаҵура дахысуан;
1990 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет;
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп «Леон» иорден;
1993 шықәса инаркны 1994 шықәсанӡа-Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟны аибашьратә зыҟаҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
1998 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит, «Аҭоурых» азанааҭ ала;
2008 ш. Аԥсны Арбџьармчқәа Рзеиԥшарратә академиа далгеит;
2008 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа-Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада Аԥшыхәратә усбарҭа анапхгаҩыс дыҟан;
2010 шықәса инаркны иахьанӡа Аԥсны аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан;
2011 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рыштаб Хада Академиаҿы аҵара иҵон;
Арратә хьӡы: аинрал-полковник;
Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.
Ашәахтә закәанԥҵара аиӷьтәра азҵаарақәа ирызкын аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигаз аилатәара
Аилатәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, ашәахтәқәеи аизгақәтәқәеи рминистр Едгар Бениа, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.
Аԥснытәи агимнастка Софиа Боџьгәуа Омск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атурнир «Олимп ахь амҩа» даиааит
Аԥсны иазыԥхьагәанаҭоит адәныҟатәи аџьармыкьақәа рҟны аҟазаара амҽхак арҭбаара
Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб Ареспублика аделегациа Кавказтәи аекономикатә форум алахәхара ахә ҳаракны ишьеит. Иара иажәақәа рыла, уи хра злоу мыруганы иҟалеит аусуратә еимадара ҿыцқәа рышьақәыргылареи ахәаахәҭра-економикатә усеицура арӷәӷәареи рзы.
Аԥсни Шәачеи рышьхатә курортқәа амашьынарныҟәцаҩцәа рзы иааигәахар алшоит
Атранспорт-ҳәаатә туризм аҿиаразы азҵаарақәа рҭак ҟаҵо, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб дазааҭгылеит Аԥсни Шәачеи рышьхатә курортқәа рыбжьара атранспорттә еимадара аиӷьтәра атемагьы.
Аԥснытәи аалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьаҿы амҽхак ҭбаахоит
Аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб дазааҭгылеит урыстәылатәи ахәаахәҭратә ҳақәа рҿы аԥсуа тауарқәа рыхкқәа арҭбаара азҵааразы реиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуа атәы.
Аԥсны ашьха-шәҩатә кластер аԥҵара ргәы иҭоуп: Кавказтәи аинвестициатә форум аихшьалақәа
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба напхгара зиҭоз Кавказтәи аинвестициатә форум аделегациа иалахәыз Ҭеимураз Амқәаб аихшьалақәа ҟаиҵеит. Ихадоу алҵшәақәа ируакхеит ишиашоу ицо аҳаиреимадара абжьаҵара: Аҟәантәи Аминералтә Ӡқәеи Нальчикҟеи рахь ареисқәа рдәықәҵара рҽазыҟарҵоит. Ставропольтәи ахырхарҭала акәзар авиаеилахәыра алхрахь ииасхьеит.
Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар иԥсҭазаареи имаҵуреи ирызкыз афотоцәыргақәҵа аатит Аԥсуа драматә театр афоие аҿы
Ацәыргақәҵа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аиҳабыра, адепутатцәа, ауаажәларра.
Аусмҩаԥгатә аԥсуа ар рԥыза ду диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкуп. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп Сергеи Дбар иԥсҭазаареи имаҵуреи рҿы аҵакы змоу ахҭысқәа аазырԥшуа иуникалтәу афотосахьақәа.
Сергеи Дбар игәалашәара иазку аныҳәатә еилатәара мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.








