Владимир Занҭариа иԥсҭазаара далҵит 73 шықәса дшырҭагылаз. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы ареспублика акультура аминистрс, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын. Ианашьан «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын.
Аԥсыжра аиҿкааразы акомиссиа дахагылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Уи аилазаара иалалеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба. Иара убас, акомиссиа аусура иалахәхоит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, ажурнал «Аҟәа — Сухум» аредактор хада Уасил Аҩӡба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, Очамчыра араиони ахада Алхас Кациа, аминистрцәа реилазаара анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Маршьан, апартиа «Аԥсны жәлар ракзаара афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц.
Владимир Занҭариа аԥсуа литературеи ажурналистикеи рырҿиараҿы илагала дууп. Иара Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәеи ржурналистцәеи реидгылақәа дрылахәын, иара убас ажурналисттә еидгылақәа Жәларбжьаратәи рконфедерациқәа дрылахәын.






