АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:34

Ақалақьқәа Пицундеи Афон Ҿыци рхатәы биуџьетқәа роур алшоит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи аусуратә гәыԥи ақалақьқәа Пицундеи Афон Ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтәразы ажәалагалақәа ирылацәажәеит. Абри атәы аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара мҩаԥган Пицунда ақалақьтә еизара адепутатцәа иҟарҵаз ааԥхьара ашьҭахь, урҭ ақалақь афинанстә хьыԥшымразы ажәалагала ҟарҵеит. 2015 шықәсазтәи аԥсахрақәа ҟалаанӡа, ақалақьқәа рхатәы биуџьетқәа рыман, аха аиҭакрақәа рышьҭахь рфинанстә статус ақалақь еиԥшу аҳаблақәеи ақыҭақәеи рыҩаӡара иаҟарахеит.


Read 37 times - Ашәахьа, 23 Хәажәкыр 2026 22:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.