pressadmin-2

pressadmin-2

Афорум еизнагаз алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа ирзеиҭаҳәан Аҵара аминистрреи апедагогика аинститути аус здырулаз арҵагашәҟәы аҽахьынӡаеиҭанакыз атәы, ҿыцрас иалагалаз, насгьы иану атекстқәа ахьанӡамариахаз.

Мшаԥымза 23-24, 2026 шықәсазы Миуссер имҩаԥысит ацәгьоурақәа рҿагылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иазкыз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилатәара. Аиԥылара ааиртит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, инаҵшьны иазгәеиҭеит шықәсырацәалатәи аусеицура алҵшәа бзиақәа,  уи ԥхьаҟатәи аҿиара шхымԥадатәиу иҳәеит.

Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭон Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭа хада аиҳабы Сергеи Бачурин, уи иазгәеиҭеит аинырра аҩаӡара шыҳараку, аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа шыҟоу. Алахәылацәа атранспорт аҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара аҿагылареи ирылацәажәеит.

Аиԥылара ишьақәнарӷәӷәеит арегион аҿы ашәарҭадареи азинеиҿкаареи реиқәырхара аҩганктәи азҿлымҳара шамоу.

Аусура аихшьалақәа рыла аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилак аилатәара аԥкаанҵа анапы аҵанаҩит, уи иалнаршоит аусбарҭақәа рыбжьара аусура аиҿкаара.

Амаҭәар «Ҳазну адунеи» алагалоуп актәи акласс инаркны. Дыҟамзар ҟалап анык, ари арҵага ауадаҩра зызцәырнамгац. Арҵаҩцәа ракәзар, имӡакәа ирҳәоит, аурок аныҟоу амш аҽны ахәыҷқәа ашкол ахь аара рҭахӡам ҳәа.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Аԥсны агәабзиарахьчара аҿиараҿы илагалеи, ипрофессионализм ҳараки, иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәеи рзы Леуарса Николаи-иԥа Ачба ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

 Пицунда ицо арҵаҩцәа рфорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп арҵаҩцәеи арҵагашәҟәқәа шьақәзыргылои рыбжьара иаарту ацәажәара аиҿкаара, аҩганк ргәы иҵхо азҵаарақәа реибыҳәара. Арҵаҩцәа х-секциакны рҽыршеит. Апедагогика аинститут аспециалистцәеи Аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәеи аус руан абжьаратә школ арҵаҩцәа рыбжьара, алагарҭатә школқәа рырҵаҩцәа рҿы хазы, иара убас аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рырҵаҩцәа рҿы.

Абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа ахьеилатәаз асекциаҿы Апедагогика аинститут аусзуҩы  Асмаҭ Занҭариа далацәажәон 6,7,8 аклассқәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа. Азҵаарақәа заанаҵы иаашьҭын арҵаҩцәа рхаҭа рҟынтә. Урҭ еиҳарак изызкыз аҩышьаԥҟарақәа, атекстқәа аус рыдулашьа, аҳәоуқәа реилазашьа акәын. Аиԥылара адискуссиатә ҟазшьа аман. Арҵаҩцәа ирызцәырҵуаз азҵаарақәа, ргәаанагарақәа рҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа рыман. Арҵагашәҟәқәа еиқәзыршәо ракәзар, урҭ игәцараркуан ишьҭыхыз азҵаарақәа, арҵаҩцәа аҭак рыҭараҿы гәаартыла ицәажәон.

Асмаҭ Занҭариа аинститут аԥсуа бызшәа аҟәшаҿы аус луеит. Лусура атәы далацәажәауа илҳәоит, арҵагашәҟәқәа ирыгу ирыбзоу акылыршәшәаара, агхақәа рыриашара аус иааԥмырҟьаӡакәа ишцо.

«Раԥхьа аусура ҳаналага, ҳара ҳнапы ианӡамызт абызшәа аҭҵаара аганахьала атеориа алакьысра, избанзар, уа иҟан авторцәа дуқәа, академикцәа, аҵарауаа, аха аамҭа цоит, ариашарақәа ҟаҵатәхеит, убри ҳаҿуп уажәы. Аҽыԥсахра апроцесс иахымсуа акгьы ыҟаӡам. Аԥсуа бызшәа ашкол аҿы дырҵара иалагеижьҭеи 60-70 шықәса роуп иҵуа. Раԥхьа аҭҵаара ианалага, аҵарадырраҿы иҭҵаамыз азҵаарақәа ыҟан, иаҳа-иаҳа аки-аки цәыреибагоит. Реидҳәалашьа ианахәаԥшлак, ицәырҵуеит азакәан ҿыцқәа, аԥҟара ҿыцқәа. Ҳара ҳбызшәа егьырҭ раасҭа  излаҿо ала  иаҳа-иаҳа аԥсахрақәа ахьцо, еихьӡароуп ҳәа иԥхьаӡатәуп. Сгәы иаанагоит, аԥхьаҟа иҭызҵаауа иҭырҵаауа еиҳа даҽа хырхарҭак аиоуеит ҳәа. Аԥсахра аныҟало ауп аҿиара аныҟало», - ҳәа азгәалҭоит аҵарауаҩ абызшәаҿы иҟоу аҽыԥсахрақәа ахҳәаа рыҭауа.

Иахьа арҵаҩцәеи лареи русура атәы далацәажәауа Асмаҭ Занҭариа  илҳәеит, абызшәа аҭҵааҩцәа ргәы иҵхо азҵаарақәа арҵаҩцәа русураҿы ишазгәарҭо.

«Иҟан рҵаҩцәақәак, ҳара аҵара анаҳҵоз, иаҳҳәап, арҵагатә шәҟәы иану уԥсахыр ҟалаӡом ҳәа зҳәоз. Уажәшьҭа арҵаҩцәа игәарҭо иалагеит агхақәа, уи, ҳәарада, еизҳароуп, аха урҭ рыриашара знапы алаку маҷыҩхеит, анаҩс иҟало сыздурам. Арҵагатә шәҟәқәа ирҽеитәу рацәоуп, еиҳарак аиҵбыратәи аиҳабыратәи аклассқәа реидҳәалашьа, реимадара  аус зыдулатәу зҵаароуп. Арҵаҩцәа ирҳәаз иахьа зегьы анаҳҵеит, ҳазхәыцуеит. Ашәҟәы ахәыҷқәа рыклассқәа рҿы инеиаанӡа, ианеиҵаха хәышықәса аҭахуп. Аҵарауаҩ иресурс иаҳа ихьысҳахо иаауеит», - ҳәа лҳәоит абызҭҵааҩы.

Асмаҭ Занҭариа лажәақәа рыла, иахьа Апедагогика аинститут аҿы иҟоуп абызшәа ԥхьаҟа изго аидеиақәа, абызшәа теориала мацара акәымкәа, практикала ахархәарахь иаҳа ахырхарҭа аҭаны абызшәа аилкаара аус адызуло.

Ҳәарада, арҵаҩцәа рзы ари афорум, русураҿы ицәырҵуа азҵаарақәа ахьӡырыргаша ҭыԥуп. Ԥақәашьтәи ашкол арҵаҩы Изольда Санӡаа 35 шықәса ҵуеит рҵаҩыс аус луеижьҭеи. Ари азанааҭ бзиа иубароуп акәымзар, усушьа ыҟам лҳәоит лара. Ари аамҭа иалагӡаны, ларгьы ахәыҷқәа реиԥш, абызшәа арҵараҿы иаларгалоу аԥсахрақәа ҵаноуп лҵаҩцәа ишрызналого.

«Афорум даара агәахәара снаҭеит. Азҵаарақәа анцәырҵуа, изоуҳәо дыҟазароуп. Аиҭакрақәа иҟарҵо ҳара ҳзы иманшәалоуп. Зны убас темақәак ыҟан, ахәыҷқәа рызнагараҿы даара ицәгьан, уажәы ашәҟәы ҿыц аҿы иаҳа ирмарианы иҟарҵеит. Аԥышәа иаҳнарбоит, еиҭа аус зыдулатәу атемақәа шыҟоу», - ҳәа лҳәеит арҵаҩы.

Пицунда ицоит Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум. Иара иалахәуп 250-ҩык арҵаҩцәа. Ихыркәшахоит мшаԥымза 26 рзы.

Пицунда имҩаԥысуеит ҳтәыла араионқәа зегьы рҟынтә аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа еидызкылаз афорум. Аԥсны аҵара аминистр «Аԥснымедиа» иалҭаз аинтервиу аҿы илҳәеит, арҵаҩцәа русураҿы акырӡа шаҵанакуа аԥышәаеимдара.

Миха Лакрба иубилеи иазкны Ареспубликатә еицлабраҿы аиааира згаз агәыԥқәа азыҟазҵаз арҵаҩцәа Адлеиба Лиудмилеи Гамисониа Светланеи иранашьоуп 30 нызықь мааҭ аԥара. Иара убас иалкаан аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа Ӷәынџьиа Раисеи Ақаҩба Розеи. Дара ҳамҭас ирыҭан 30 нызықь мааҭ инаӡо хаҭалатәи асертификатқәа. Милаҭла иаԥсыуам, аԥсуа бызшәа рызҭо арҵаҩцәа - Ристова Лиудмилеи Колпакчиан Каринеи иранашьоуп аноутбук аахәаразы асертификатқәа.

Хазы иазгәаҭаны рыӡбахә ҳәан аԥсуа рҵаҩцәа ҿарацәа: Сасрыҟәа Џьопуа, Шьынқәба Алик, Ажәанба Акаки, Сергегиа Иана, Ҵәыџьба Лана, Нарасқәуа Риҵа. Дара иранашьоуп рзанааҭтә ус зырманшәалаша аноутбук аахәаразы асертификатқәа.
Аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы ареспубликатә аолимпиадаҿы ҩыџьа инареиҳаны аиааира згаз аҵаҩцәа азыҟазҵаз арҵаҩцәа-Харчлаа Асҭанда, Қьецба Манана, Ломиа Наида, Сыҷинаа Марина, Маниа Надежда, Ажьиба Лиана, Ҷавҷаваӡе Аксана, Кәарҷиа Сусанна, Аргәын Лариса, Бигәаа Ӡабули,
Қьецба Дина, Царгәыш Сабина иранашьоуп 30 нызықь мааҭ аԥара.

Аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа рфорум аатит иахьа Пицунда. Иара еиднакылеит 250 рҟынӡа Аԥсны араионқәа рҟынтә арҵаҩцәа. Афорум хыркәшахоит мшаԥымза 26 рзы.

Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аҿы Аԥсны ахада Бадра Гәынба акыршықәса инеиԥынкыланы аҿар реиҵааӡареи аԥсшәа аиқәырхареи рзы Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара ранаишьеит Ҳалбад Валентинеи Ханагуа Хьудари.

Аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа рфорум аатит иахьа Пицунда. Иара еиднакылеит 250 рҟынӡа Аԥсны араионқәа рҟынтә арҵаҩцәа. Афорум хыркәшахоит мшаԥымза 26 рзы.

Абызшәа ахархәара аманы иҟаларц азы ҳара иҳамазароуп здырра ҳараку, аԥсышәала ихәыцуа, ицәажәо аҿар, убри аҟынтә ари афорум аҵак ду амоуп, ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада иқәгылараҿы.

Иара еиднакылеит 250 рҟынӡа Аԥсны араионқәа рҟынтә арҵаҩцәа. Афорум аартра иалахәуп атәыла анапхгара, Аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа, аҵарауаа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.