АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2025

Гәынба Бадра Николас Мадуро Венесуела Ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро Венесуела ареспублика Ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

 

«Ҳаҭыр зқәу Ахада!

Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡала хаҭаоа сара сыхьӡала  Шәара аҧхьа шәнаргыланы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлар ирыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа - Ахьыҧшымра Амш.

Ари амш символра азнауеит венесуелатәи ажәлар аиааиреи асуверенитети рацәхьамҵра, иара убас аиашареи ихьыҧшымкәа аҿиареи ирызку аидеалқәа ишрыдгыло.

Аԥсны  Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьоит ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Ҳара агәра ҳгоит ҳусеицура аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа, ишыӷәӷәахо ҳажәларқәа рԥеиԥш лаша ахьӡала.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр зқәу Ахада, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакҧхыҭәра ду зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аихьӡарақәа.

Венесуела ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра аизҳазыӷьара».

 

 

 

 

 


Read 46 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.