АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2025

Аҟәа иазгәарҭоит ақалақь 2509-шықәса ахыҵра.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, ԥхынгәымза актәи асабшазы Аԥсны иазгәарҭоит ақалақь Амшныҳәа. Ари аӡбамҭа уи азы ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аҿы ирыдыркылеит ажьырныҳәамза  28, 2016 шықәса рзы.  

Иахьа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.

Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡе, Асҭамыр Ашәба, Константин Ҭарбеи  Инал Аҩӡбеи, Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара рхы аладырхәырц иааз Москвеи Санкт-Петербурги анапхгарақәа рхаҭарнакцәа, ақалақьқәа Самара, Нижни Новгород, Луганск, Тамбов, Ростов-на-Дону, Аахыҵ Уаԥстәыла  рҟынтәи асасцәа, аҳҭнықалақь Ахадара аколлектив, ақалақь ауааԥсыра, асасцәа.  

Аҟәа – Аԥсны аҳҭнықалақь, адунеи ижәытәӡатәиу ақалақьқәа иреиуоуп.

Аҟәа ахьыҟоу аҵакыраҿы антикатә аамҭақәа раахыс ауаа нхон. Антикатә аамҭақәа рзы араҟа иҟан абырзенцәа рыла зышьаҭа акыз, Диоскуриа ҳәа изышьҭоу аиланхарҭа.  

Ашәышықәсабжьаратәи аамҭахәҭазы Аҟәа еиуеиԥшым аимпериақәа рнырра аҵаҟа иҟан, Византиеи Османтәи аимпериеи уахь иналаҵаны. XIX ашәышықәсазы ақалақь Урыстәылатәи аимпериа аҵаҟа иҟалеит.  1917 шықәсазы иҟалаз Октиабртәи ареволиуциеи анаҩс иҟаз ахҭысқәеи  рышьҭахь, ақалақь Аҟәа, Аԥсны зегьы еиԥш Асовет Еидгыла иахәҭакны иҟалеит.

Асоветтә Социалисттә Реиспубликақәа Реидгыла анхыбгала, анаҩс, 1992 – 1993шш. иҟалаз Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аиааира агареи   рышьҭахь Аҟәа ихьыԥшым Ареспублика Аԥсны иаҳҭнықалақьны иҟалеит.


Read 27 times - Ашәахьа, 07 Ԥхынгәы 2025 12:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.