АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2025

Агастрофестиваль «Аԥсуа аишәачара» Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, С. У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысуеит агастрофестиваль «Аԥсуа аишәачара». Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа рхәыҟаҵаҩцәа 15-ҩык адәынтәи аишәақәа дырхиеит.

Агастрофестиваль иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, ақалақь Амш азгәаҭаразы Урыстәылантәи иааз асасцәа.

Асасцәа ирыдыргалон аԥсуа, аурыс, европатәи ачыс хкқәа.

Ашеф-хәыҟаҵаҩцәа ачыс хкқәа рнаҩс рыдгалара мҩаԥыргон аҭыԥантәи аҩқәа.

Афестиваль алахәылацәа агьама рбар рылшон аилаџь, аҵәкәац, аҵәы иахаҵны иӡыз ацә, аурыс окрошка, италиатәи ачысхқәа, адгьылбжьарамшынтә агәырхаагақәа – атирамису, акалмышь, аџьанџьыхәа, аҟәатәи аршәы, уҳәа егьырҭ ачыс хкқәагьы.

Агастрофестиваль аинвесторцәа рсиндикат Exitech ашьаҭаркҩы Вахтанг Ҭыжәба иаԥшьгарала имҩаԥысуеит.

Агәмырҿыӷьратә программа иалагалоуп артистцәа рықәгылара, ацирк артистцәа рықәгыларақәа, уҳәа еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа. 

 

 

 


Read 53 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.