Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев иира Амш идиныҳәалеит.
Олег Барцыц иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, ахәҭакахьала иазгәеиҭеит:
«Аԥсни Приднестровиеи акыр шықәса аиҩызареи аусеицуреи рыла ишьаҭарку аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. 1993 шықәса раахыс, аиҩызареи аусеицуреи рзы раԥхьатәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра анымҩаԥгаз ашьҭахь, ҳара ҳтәылақәа аполитикатә, аекономикатәи агуманитартәи усхкқәа рҿы реимадарақәа рырӷәӷәареи есааира рырҭбаареи иаҿуп.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит хаҭала Шәара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара адиалог аҿиаразы иҟашәҵо шәлагалеи шәусдырреи. Адәныҟатәи аҭагылазаашьақәа шымариамгьы, ҳара ҳхылаԥшырҭақәа ирыбжьоу аконструктивтә еимадара хра злоу аҿиара аманы иҟоуп, уи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы ҷыдала аҵак ду амоуп».
Олег Барцыц Витали Игнатиев изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу иусура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи.
«Ҳаизыҟазаашьақәа аринахысгьы Аԥсни Приднестровиеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала хра злоу аҿиара амазааит», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.