АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 23:50

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аҟәа ақалақь Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу аҟәаа, Аԥсны аҳҭнықалақь асасцәа! 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ақалақь Амш.

Ари аныҳәа еиднакылоит ҳақалақь ссир ашьақәгылареи аҿиареи зааԥсара аду, уаҵәтәи аԥеиԥш бзиа ачаԥара знапы иану зегьы.

Аҟәа – 2500-шықәса инареиҳаны изхыҵуа, аҭоурых беиа змоу, ацивилизациа дуқәа рышьҭыҵреи ркаҳареи ирхаану қалақьуп.

Ашәышықәсақәа иргәылсны, уи еиқәнархеит даҽакы иаламҩашьо ахаҿра, аԥшӡара, иаҵоу аԥхарра. Аҟәа ҳара зегьы ҳзы аҳҭнықалақь мацараны иҟаӡам, ари Аԥсны иагәуп, ҳҳәынҭқарратәра, ҳхақәиҭра, ҳмилаҭтә акра иасимволуп. 

Иахьа иумбарц залшом ҳаҳтнықалақь аҽеиҭакра ишану. Есҽны аҽаԥсахуеит, имҩаԥысуеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, амҩақәа, апаркқәа реиҿкаара иаҿуп. Ҳара зегьы ҳҿаԥхьа иқәгылоу уснагӡатәны иҟоуп ҳақалақь аҭоурыхтә хаҿра еиқәырханы аԥшӡара, ахаара аихаҳара. 

Акыр иаԥсоу аҟәаа, абри аныҳәамш азы зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡара ҿыцқәа ҳаԥсадгьыл Аԥсны, ҳаҳҭнықалақь аизҳазыӷьара ахьӡала.

 

 

 


Read 38 times - Амҽыша, 06 Ԥхынгәы 2025 18:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.