pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала аҳҭнықалақь апрофильтә маҵзурақәа Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» азы актәи ачемпионат иахьа Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә стадион аҿы иалагеит.

Аиааира агаразы еицлаблоит ԥшь-командак: аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1, «Ҷлоу», «Кәтол», афонҿыцтәи «Аԥсар» еизгоу акомандақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Ачемпионат аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, иара убас Адунеизегьтәи Аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусеилыргара иацҵоуп Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩеи» 2019 шықәсазы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи «СП Путь-А»  ҩ-фымцадәыӷбак раагаразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инамаданы. Аус зыдҳәалоу 2020 шықәсазы «Аԥсны аихамҩа» ЗҲәА «СП Путь-А» ирзаанагаз афымцадәыӷбақәа рзы 34 миллион мааҭ ауал алгара ауп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 1 инаркны аҳаиреилазаара «РусЛайн» амаршрут Аҟәа – Москва (аҳаирбаӷәаза Внуково) ала ишиашоу ареисқәа хацнаркуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Ахада Иусбарҭа аҩныҵҟатәи аполитика аусбарҭа аиҳабы Хьышба Инал.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика инеиԥынкыланы адгылара иарҭо азы, иагьазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә Дума есқьынгьы Аԥсны адгылара шанаҭоз.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҭеиҿкааразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа аҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҽгәара ақыҭан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵиаақәа рыхьчареи реиқәырхареи рзы акомиссиа аԥҵан Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба идҵа инақәыршәаны. Ас еиԥш аусеицура аекологцәа ргәаанагарала, акыр аҵак ду змоу, иаамҭоу усуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  27 – 31 рзы Пицунда ақалақь,  В. Д. Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы ареспублика азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәеи алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәеи рзы имҩаԥыслоит азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаараҟны аҳәынҭқарратә напхгара усбарҭа хаданы иҟалоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.