Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рцара алыршахеит Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов хаҭала иҟаиҵаз ааԥхьара иабзоураны. Сынтәа ари аныҳәа еизнагоит Урыстәыла 28 региони Куба, Виетнам, Венесуела, Белоруссиа, уҳәа уахь иналаҵаны, егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи 6,5 нызықь инареиҳаны алахәылацәа.
«Алые паруса» — есышықәса зықьҩыла асасцәа адзыԥхьало, Санкт-Петербург имҩаԥысуа зегьы реиҳа идуу аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп. Аныҳәатә усмҩаԥгатә алахәылацәа рзы иара убас апроект «Петербургские международные молодежные смены» аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп апрофориентациатә, акультура-ԥсшьараамҭатә, апатриоттә, уҳәа аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.
Апроект нагӡахоит Аԥсны Анапхгареи Санкт-Петербург агубернатори ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ала.