АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Рашәара.2025

Жәларбжьаратәи аекспертцәа алархәны, ԥкырада аныҟәара атемала аинформациатә сессиа аԥсуа ган аԥшьгарала, имҩаԥган.

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аекспертцәа алархәны, ԥкырада аныҟәара атемала аинформациатә сессиа 2025 шықәса рашәара 25 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсуа ган аԥшьгарала, имҩаԥган.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аинформациатә сессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алахәылацәа адунеизегьтәи азинқәеи аҭыԥ змоу адунеизегьтәи апрецедентқәеи шьаҭас иҟаҵаны, ԥкырада аныҟәара азин анагӡара иадҳәалоу адунеизегьтәи аԥышәа рзеиҭарҳәеит. Аԥснытәи аган Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аԥсуа милаҭтә паспортқәа рхархәарала хақәиҭла аныҟәаразы азинқәа рынагӡара иадҳәалоу апроблема аӡбаразы амҩақәа рыԥшаара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.

Аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд актәи аусуратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациеи Еиду Амилаҭқәа Реҿкаара (ООН), Европатәи Аидгыла (ЕС), Еивропатәи Аидгыла Ашәарҭадаразы Аиҿкаара (ОБСЕ) рҟынтәи ацхантәаҩцәеи злахәыз ҩ-ганктәи аиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараан Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҩбатәи аусуратә мшы амшхәаԥштә хадақәа ирзырханы заанаҵтәи аконсультациақәа мҩаԥган.

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи араунд Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарра, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра, Урыстәылатәи Афедерациа, Америкатәи Аидгыла ахаҭарнакцәа алархәны Женева ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Алиса Барзаниа, Артур Гагәылиа, Мадина Зыхәба.

 

 

 

 

 

 


Read 154 times - Асабша, 28 Рашәара 2025 12:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.