Аҳасабырбатә ҳасаббара рыҭара азы
«Аҳасабырбартә ҳасаббара азы» Аԥсны азакәан инақәыршәаны, аиҿкаарақәа зегьы ирыԥхықәроуп:
– аԥшьбара анҵәара 15 мшы шагу, есԥшьбарак аҳасабырба ҳасаббара аҟаҵара;
– ашықәс нҵәаанӡа 30 мшы шыбжьоу ашықәстәи аҳасабырбатә ҳасаббара аҟаҵара;
Зусура хыркәшоуп аиуисттә хаҿны азхаҵара азы
«Аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара азы» Аԥсны азакәан инақәыршәаны, зусура хыркәшоу аиуристтә хаҿны иазхаҵахоит, аамҭак ала абарҭ аҭагылазаашьақәа аҭыԥ амазар:
– ашәҟәҭагаларатә усбарҭа ала аӡбамҭа адкылара фымз шыбжьоу уи ашәахтә система ашьаҭақәа рзы Аԥсны азакәанԥҵара иарбоу аҳасабырбатә усшәҟәқәа аланамҵозҭгьы;
– абанктә ԥхьаӡарак ала иадамзаргьы операциак мҩаԥгамызҭгьы.
Аиуристтә хаҿы аԥыхуп ҳәа азхаҵара ахҟьаԥҟьақәа рзы
Аамҭак ала хыхь иарбоу аҭагылазаашьақәа зегьы рыҟазаараан, ашәҟәҭагаларатә усбарҭа ашәахтә усбарҭа ала иаашьҭыз аусшәҟәқәа рышьаҭала аиуристтә хаҿы аиуристтә хаҿқәа Иаку рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара Аресстр аҟынтәи алгаразы аӡбамҭа аднакылоит.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ауснагӡатәқәа
Аҳасабырбатә аамҭахәҭақәа ҩба инеиԥынкыланы аҳасабырбатә ҳасаббара ҟазымҵо аиҿкаарақәа рганахьала аматериалқәа, абанктә ԥхьаӡарақәа рыла аԥареикәшара аҟамзаараан, иҟоу аԥҟарақәа рыла аиуристтә хаҿқәа Иаку рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара Ареестр алгара азы азԥхьанҵа ашәҟәҭагаларатә усбарҭа ахь идәықәҵахоит. Раԥхьа иргыланы ашәҟәҭагалара ианахыс ашьҭахь знык иадамзаргьы аҳасабырбатә ҳасаббара ҟазымҵаӡац аиҿкаарақәа ирыхәаԥшуеит.
Иарбоу ахырхарҭала аусура мҩаԥысуеит ҳазҭоу ашықәс азы аҳасабырбатә аамҭахәҭа аихшьаалақәа рыла, ҳәа адырра ҟарҵоит ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аҿы.
Аминистрра аҿы иара убас аиуристтә хаҿқәа зегьы аҳасабырбақәа ҟазымҵо аиҿкаарақәа аиуристтә хаҿқәа рышәҟәҭагалара Иаку Аресстр ралгараан амазаратәии адгьылтәи азинқәа рымххоит ҳәа ргәырҽанырҵоит.
Убри инамаданы, Аминистрра аиуристтә хаҿқәа аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларазы Иаку Ареестр ралгара ҟамларц азы аҳасабырбатә ҳасаббара аҟаҵара азы ианаамҭоу инагӡаны аԥхықәрақәа нарыгӡаларц ааԥхьара ҟанаҵоит.