Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Миквабиа, афинансқәа рминистр Саид Гәыбаз, аҵара аминистр Хана Гәынба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
Аԥыза-министр аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәа ԥхынгәымза 15-нӡа Аԥсны 2026–2030 шш. асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбаҭақәа русура аоптимизациеи аиӷьтәреи рзы анапхгарабжьаратәи апланқәа рыпроектқәа еиқәыршәаны анаҩс рышьақәырӷәӷәаразы адгалара мҩаԥыргарц азы адҵа риҭеит.
Анапхгарабжьаратәи апланқәа цәыббрамза 1, 2025 шықәсанӡа ишьақәырӷәӷәазароуп.