АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:54

Атуризм Аминистрра МВО, ПВО ԥыхьатәи асанаториақәа рҵакырақәа рҭагылазаашьа азы акритикатә згәаҭарақәак ҟанаҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи МВО, ПВО  ԥыхьатәи асанаториақәа  рҵакырақәеи уи иаԥну апарктә зонақәеи амшынҭаларҭақәеи (аплиажқәа)  рҭагылазаашьа апланнҭыҵтәи агәаҭара мҩаԥыргеит.

Асанаториақәа рҵакырақәа, аплиажи рҭагылазаашьеи аҵакыра ариаҵәареи, рганахьала  хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа аарԥшын. Иаарԥшыз аилагарақәа зегьы рзы аинформациа аҭагылазаашьа аоперативра арҽеиразы уи азы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа рахь инашьҭхоит.

Атуризм аминистр ахылаԥшырҭа ахьӡала лассы-лассы атуристцәа рҟынтәи аобиектқәа рсанитартә  ҭагылазаашьа, акрыҿаҵара аиҿкаара, уҳәа  азы агәынамӡара зныԥшуа ашәҟәқәа нашьҭхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ауадаҩрақәа ыҟоуп ацрыӡмангареи аҩаршьҭрақәеи рҭагылазаашьа иадлҳәалангьы.

Асҭамыр Логәуа  иара убас аԥсшьаҩцәа дрыҿцәажәеит. Атуристцәа Аԥсны рыҟазаара ирызцәырнаго ацәаныррақәа ирылацәажәеит, обиектқәас изҭаахьоу, изҭаарц ргәы иҭоу, уҳәа иазааҭгылет. Ҷыдала иазгәарҭон аԥсабара аԥшӡара, аҳауа азҩыдара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасдкылара. Убас, Воронежынтәи иаас асас ҩыџьа рзы апутиовка лара 65 нызықь илызтәеит ҳәа иазгәалҭеит (аҳаирпланла аара ахәԥса уахь иналамҵакәа). Лара лыԥсшьара шымҩаԥысуа лгәаԥхоит, насгьы Аԥсны аԥсшьаразы хра злам азгәаҭарақәа аиаша иацәыхароуп ҳәа илыԥхьаӡоит.

«Асезон бзианы иалагеит, иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьа шыҟазгьы. Аха, аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы иаабо апроблемақәа ыҟоуп. Ҳара хылаԥшрада иаанхаз алақәа, аҟьамсар зну амҩадуқәеи аԥшаҳәеи рзы азашшрақәа ҳауеит. Ақалақь Ахадара ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ақалақь аԥшаҳәа аҭагылазаашьа бзиоуп, аха ԥыхьатәи арратә санаториақәа рҵакыраҿы иҟоу аплиажқәа ишахәҭоу ирыцқьатәуп. Ҭыԥқәак рҿы ацрыӡмҩангара апроблемақәа рыӡбара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит, аха урҭ еиҳа ирццактәуп. Ҳара 2025 шықәсатәи аԥхынтәи акурорттә сезон ҳҭалахьеит, уи уажәаԥхьагьы ҳазыҟаҵазар акәын», – ҳәа инаҵшьын иазгәеиҭеит аминистр.


Read 57 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.