АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:08

Бадра Гәынба: Аԥсны анапхгара ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара Аԥсны атәылауаа роуреи уи иадҳәалоу азинтә шәарҭарақәеи рызҵаарақәа рыӡбара аус адырулоит.

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба рашәарамза 24 рзы  ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара зауаз гәыԥҩык анацәа дырԥылеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адырра ала иара идҵа инақәыршәаны, аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵоуп. Уи анапынҵақәа иреиуоуп ироуз ацхыраагӡақәа ирыхҟьаны ашәарҭара иақәшәаз, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара. Аимадара ҷыда аартуп. Ашәарақәа зауаз ирызку адыррақәа зегьы еизгатәуп.

Аиԥылара иалахәыз Аԥсны асоциалтә цхыраареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аусуратә гәыԥ иадҵаалахьоу рхыԥхьаӡара 75-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Бадра Гәынба аиԥылара иалахәыз аҳәсеи азинтә уадаҩрақәа зызцәырҵыз  егьырҭ аҳәса рахь ихы рханы аусуратә гәыԥ иадҵаалаларц, инагӡаны аинформациа адгаларала уи аус ацура алдыршарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада атәыла анапхгара ари азҵаара аӡбара ишаҿу инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аԥсны анапхгара ахәыҷқәа рзы урыстәылатәи аԥаратә цхыраара Аԥсны атәылауаа роуреи уи иадҳәалоу азинтә шәарҭарақәеи рызҵаарақәа рыӡбара аус адырулоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Ахәҭакахьала, Аҳәынҭқарра Ахада иахь инеиз аҳәса ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара аиуразы аусшәҟәқәа реиқәыршәараан урыстәылатәи азакәанԥҵара шеиларгоз шырзелывмкаауаз, избан акәзар уи зегьы аофициалтә сахьа аманы иҟан азы ҳәа иазгәарҭеит.

Бадра Гынба ари иуадаҩу проблеманы ишыҟоу, уи аӡбаразы аамҭа шаҭаххо азгәеиҭеит.  «Ҳара еилаҳкаауеит Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара аилагара шыҟоу, уи зегь ахьхәхьеит. Аха убри аан урҭ ҳхәыҷқәа, Аԥсны атәылауаа хәыҷқәа зааӡо анацәа шракәу ҳхаҿы иааҳгароуп. Ари апроблема урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳалацәажәароуп, анацәа ашьауӷатә шьҭазаара рацәыхьчаразы амҩақәа ҳаԥшаароуп", — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 


Read 41 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.