Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәарҭадара Амаҵзуреи Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентри русзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы Интерпол зышьҭаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Салдыз Метин дааныркылеит.
Салдыз Метин Интерпол ала жәларбжьаратәи аԥшаара даҵанакуеит. Уи инақәыршәаны иара аанкылареи азыҳәаҩ итәыла аҵакырахь ииагареи ахәҭаны иҟоуп. Иара гәҭакыла ауаҩшьразы, мҽхакы ҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа реиқәыршәареи рыҭиреи, иԥаршеиу адокументқәа рыҟаҵареи, иара убасгьы изакәантәымкәа абџьар аҵәахреи аныҟәгареи рҿы далахәын ҳәа агәҩарас дыҟоуп.
Иҟоу аоперативтә дыррақәа рыла, ашьаустә шьҭазаара ацәцаразы иаанкылаз Ҭырқәтәыла уаанӡа атәылауаҩ Егры аӡиас ала ицо аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭра-гәаҭаратә ԥыԥшырҭақәа рахь дымнеикәа изакәанымкәа дахысит.
Иаанкылоу Ҭырқәтәыла атәылауаҩ хыхь еиқәыԥхьаӡоу Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы иуз ацәгьоурақәа ртәы иҳәеит. Ашьаус аартуп.