АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2025

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани реиԥылара мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Дамаск ақалақь Тишринтәи ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибании реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит: Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Шьамтәыла иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, адиаспора аус рыдуларазы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Жанбу Агрба, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, аконсул Гаис Аль-Харки.

Аиԥылараҿы аганқәа Аԥсни Шьамтәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Ирылацәажәан иактуалу арегионалтәи адунеизегьтәии амшхәаԥштә зҵаарақәа, ҷыдала Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа.

Олег Барцыц Асад Ҳасан Аль-Шаибани иҟаиҵаз адкылара ҭабуп ҳәа ахиҳәааит, Аԥсни Шьамтәылеи рыжәларқәа реизыҟазаашьақәа ҭоурыхла иҵаулоу ашьаҭақәа шрымоу азгәеиҭеит.

Олег Барцыц, иара убасгьы, Шьамтәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсни Шьамтәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә усеицура арӷәӷәареи арҿиареи рызҵаарақәа рҿы Шьамтәылатәи анапхгара иааныркыло ахымҩаԥгашьазы.

Аԥсны иамоу атранзиттә лшарақәа ҳасаб рзуны, амшынтә баӷәазақәа рхархәарала атранспорттәи алогистикатәи аинфраструктура аҿиара аԥеиԥшқәагьы ирылацәажәан. Ас еиԥш азнеишьа аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахәаахәҭреи абизнеси рыҿиаразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵоит.

Аиԥылараҿы атәылақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәареи, зегьрыла аҿиареи, аекономикеи акультуреи рҿы аимадарақәа рырҭбаареи рзы агәазыҳәара ӷәӷәа шьақәырӷәӷәан. Ахәҭакахьала, аминистрцәа ҳазҭоу ашықәс нанҳәа 27 инаркны цәыббра 5 аҟынӡа имҩаԥысраны иҟоу 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Аԥсны Аҳәынҭқарра алахәхара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа аҿиара аконтекст иаҿырԥшны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иҳәеит: «Ҳара иаабоит Шьамтәыла анапхгара атәылаҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәареи, Шьамтәыла ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәреи рзы ирылшо зегь шыҟарҵо».

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Шьамтәылатәи иколлега акыр зҵазкуа аҳамҭақәа ианеишьеит, иара изы иманшәалоу аамҭазы Аԥсны даҭаарц ааԥхьара ииҭеит.

Иара убас, Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала Шьамтәылатәи

Арабтә Республика Ахада Аҳмед Хусеин аль-Шараа иманшәалоу аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭаарц ааԥхьара ииҭеит, акыр зҵазкуа аҳамҭақәа ианеишьеит.

Аиԥылара хыркәшо атәылақәа рыҩба рминистрцәа аԥсны-шьамтәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ишырзыхиоу атәы рҳәеит.

 

 


Read 102 times - Ашәахьа, 30 Рашәара 2025 13:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.