АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2025

Апроект “Аԥсны ахәыҷқәа зегьы рзы агәабзиара” иалахәыз амедусзуҩцәа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра амедалқәа ранаршьеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Апроект “Аԥсны ахәыҷқәа зегьы рзы агәабзиара” иалахәыз амедусзуҩцәа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра амедалқәеи аџьшьаратә шәҟәқәеи ранаршьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҳақьымцәа ирбаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит аминистр Едуард Быҭәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликови «Жәлар Рфронт» («Народный фронт») аексперт Иулиа Зимовеи.

«Ҳколлегацәа даара зымҽхак ҭбаау аусура нарыгӡеит, ҳхәыҷқәа ацхыраара рырҭеит, анализқәа рзы ршьа ргон, иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥыргон, Урыстәылатәи ҳколлегацәа ирыцхраауан», - ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиаахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Адиспансеризациа амҽханакит ареспублика араионқәа зегьы.

Аҳамҭақәа ранашьахеит 160-ҩык аҳақьымцәа.

Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа адиспансеризациа мҩаԥысуан жәабранмза 12 инаркны лаҵарамза анҵәамҭанӡа, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ԥшь-бригадак  аус руан, урҭ ирыцхраауан аԥснытәи аҳақьымцәагьы.  

Аҳақьымцәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы иааизкны игәарҭеит 27 нызықьҩык ахәыҷқәа.

 


Read 66 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.