АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2025

Олег Барцыци Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыгатәи ачерқьестәи диаспорақәа рхеидкылақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шьамтәыла иҟоу аԥсуа-адыгатәи ачерқьестәи диаспорақәа рхеидкылақәа рхаҭарнакцәа рԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥыларақәа рхы рыладырхәит адиаспорақәа рнапхгаҩцәа: Адыга-Хасе ахантәаҩы - Гасан Шора, ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа "Аидгылара" ахантәаҩы Абдул Раҳман Багаса, Кисуа араион аҿы иҟоу аԥсуа-черқьестә диаспора ахантәаҩы – Фаҳми Абаза.

Адиаспорақәа рхаҭарнакцәа адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа гәыкала ирыдыркылеит.

Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла имҩаԥысуаз аиԥыларақәа рҿы адиаспорақәа рыдгылареи урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара арӷәӷәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәыз азҿлымҳара рыман аминистр Шьамтәыла иҟазаара шымҩаԥысуаз азы.

Олег Барцыц шьамтәылатәи иколлега, адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибании иареи реиԥылара далацәажәеит. Уи аан аполитикатәи, ахәаахәҭратәи, аекономикатәи ҟазшьа змоу еиуеиԥшым азҵаарақәа ишрылацәажәаз иҳәеит. Аиԥылараҿы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы атәыла анапхгара ҿыц Аԥсны Аҳәынҭқарреи дареи реизыҟазаашьақәа аринахысгьы рыҿиареи рырӷәӷәареи рыҽшазыршәо азы адырра ҟаиҵеит.

Аиԥыларақәа рҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы дызԥылоз ажәа риҭеит Шьамтәыла инхо аԥсуа-адыгатәи ачерқьестәи диаспорақәа рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь раареи рцареи рзы алшара рыҭаразы иназыцҵо аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥгахо. Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ацхыраарала аԥсуа-адыгатәи ачерқьестәи диаспорақәа рхаҭарнакцәа иреиҳау аҵара аиуразы алшара рызҭо апрограммақәа шеиҿыркаауа.

Олег Барцыц адиаспорақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟынтәи асаламшәҟәқәеи азеиӷьашьарақәеи рызнеигеит. Иазгәаҭан, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара аҳәаанырцә инхо рџьынџьуаа ҷыдала хшыҩзышьҭра шрырҭо, аринахысгьы иахьынӡалшо ацхыраара шыҟарҵало.

 

 

 


Read 143 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.