- Аԥсны аекономика Аминистрра ԥхынгәымза 15, 2025 шықәса иахымгакәа аминистрцәа Реилазаара ахь инанашьҭроуп «Ареспублика Аԥсны 2026 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара Азԥхьагәаҭа».
- Афинансқәа рминистрра «Ареспублика Аԥсны 2026 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара Азԥхьагәаҭа» арбагақәа рышьаҭала жьҭаарамза 1, 2025 шықәса иахымгакәа аминистрцәа Реилазаара ахь инанашьҭроуп «2026 шықәсазы ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект.
- Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рнапхгараҭаратә усбарҭақәа жьҭаарамза 1, 2025 шықәса иахымгакәа аминистрцәа Реилазаара ахь инанашьҭроуп 2026 шықәсазы аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәа рыпроектқәа.
- Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа жьҭаарамза 1, 2025 шықәса иахымгакәа афинансқәа рминистрра ахь аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа 2026 шықәсазы аҭыԥантәи абиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәаразы аӡбамҭақа дәықәырҵароуп, цәыббрамза 1, 2025 шықәса аҟынӡа – афинансқәа рминистрра аҿы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь ииагахо абиуџьетбжьратәи атрансферқәа рзы ақәыршаҳаҭра роуроуп.
- Ахашәалахәқәа радминистраторцәа нанҳәамза 10, 2025 шықәсанӡа афинансқәа рминистрра ахь инарышьҭуеит 2026 шықәсазы знапхгараҭара мҩаԥырго ахашәалахәқәа рыхкқәа рзы азԥхьагәаҭаратә рбагақәа.
- Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра нанҳәмза 22, 2025 шықәса иахымгакәа «Ареспублика Аԥсны 2026 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара Азԥхьагәаҭа» арбагақәа рышьаҭала Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалахо ашәахтә лагалақәа разԥхьагәаҭа адгалара мҩаԥнагоит.
- Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы нанҳәамза 15, 2025 шықәса иахымгакәа афинансқәа рминистрра ашҟа 2026 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахыԥхьаӡалара зыхәҭоу аҳазалхратә шәатәқәеи егьырҭ ашәатәқәеи разԥхьагәаҭа адгалара мҩаԥнагоит.
- Ихадоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи егьырҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа зауа аусбарҭақәеи нанҳәамза 20, 2025 шықәса иахымгакәа афинансқәа Рминистрра ахь 2026 шықәсазы абиуџьеттә хрџьынҵақәа рыпроектқәа рыдгалара мҩаԥнагоит.
- 2026 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рыла зфинансыркра мҩаԥгахо аҳәынҭқарратә (анапхгаратә) ахықәкытә программақәа рыпроектқәа ашьақәырӷәӷәаразы аминистрцәа Реилазаара ахь идәықәҵазароуп нанҳәамза 20, 2025 шықәса иахымгакәа.
Аԥыза-министр Владимир Делба аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи зегьы ианаамҭоу абиуџьетқәа рыпроектқәа, азԥхьагәаҭақәа, ахарџьынҵақәа еиқәыршәаны, иахәҭоу аусбарҭақәа рахь рынашьҭра алдыршарц азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.