pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, Аинрал С. Дбар имҩаҿы ақәаршҩытә ӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит.

Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба ақалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҵарауаа иҟарҵаз аҳәарала аобиект аҿы имҩаԥырго археологиатә ԥшаарақәа рыҿҳәара даҽа хымз иацҵан ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Гагратәи ансамбль «Афырҭын» аиҳабыратә еилазаара Чечентәыла имҩаԥысыз жәларбжьаратәи афестиваль «Кавказ Ахраҿа "Адацқәа рымч"» аҟны Ахьтәы Гран-при ранашьахеит ҳәа аарыцҳауеит аколлектив анапхгаҩцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.

Абри атәы аалыцҳаит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адиректор, акультура-усуратә ҭыԥ «Гәыма»анапхгаҩы Хьыбла Возба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ахҳәаа аиҭеит I Аԥснытәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аусура, иагьазгәеиҭеит атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи аекономика аҿиареи рзы уи аҵак хада шамоу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа иаҭааит, уаҟа Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев ирзеиҭеиҳәеит атәылаҿацә ахарџь ала имҩаԥгахо асқьала аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа.

«Ҳара иаабоит ареспубликаҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа. Ари, ҳәарада, Аԥсни Урыстәылеи русеицура иалҵшәоуп. Иааизакны ихадоу ахырхарҭақәа жәпакы рҿы ашықәс иалагӡаны Аԥсны даара аус ду мҩаԥнагеит», – ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа  ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны ахадас Бадра Гәынба дыҟоижьҭеи ареспублика асоциал-економикатә еихьӡарақәа ахәшьара рыҭо. 

«Урҭ аҿиаразы алшара ду змоу ақыҭанхамҩа, атуризм, аинфраструктура, аенергетика реиԥш иҟоу хырхарҭақәоуп. Иарбоу ахырхарҭақәа ҳара ҳзы актуалра рыманы иаанхоит, уи ҳара аус адаҳулоит», – иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

Агәаҭара иара убасгьы ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

«Шәара ижәдыруеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи ас еиԥш зымҽхак ҭбаау афорумқәа шымҩаԥымсыцыз.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.