Гьаргь Гәлиа ишәҟәы «Ахьатә ҩны» (1961 шықәса) – ари ауниверситет далганы аусуразы Аџьра ҳәа изышьҭоу аԥсуа қыҭахь иааз арҵаҩ қәыԥш лынҵамҭақәа рыла иҩу аповест ауп.
Афильм аҿы асахьа зыхҳәаау аԥҳәызба ахатә традициақәа рыла игәылҭәаау дзышьцыламыз аԥсҭазаашьа дшақәшәаз, зхатә ҟазшьа змоу, аинтересс зҵоу ауаа дышрабадырыз атәы аарԥшхоит. Афильм еиҭанаҳәоит ауахәама ареставратор Џьумеи бзиа иибо аҭыԥҳа Амреи иареи рҭоурых.
Ароль хадақәа нарыгӡоит макьана зынӡа иқәыԥшу Валери Михаил-иԥа Ақаҩбеи Џьума Виссарион-иԥа Аҳәбеи, ихадоу аԥҳәыс лроль аԥсышәала абжьы ахалҵеит Виолетта Маан.
Анҵамҭа зну афлешка атеатр ахь иаалгеит аԥсуа шәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Сангәлиаԥҳа.
Ф. А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба иажәақәа рыла, афильм ихадоу цҳамҭаны иҟоу - Аԥсны, уи акультуреи абызшәеи адунеитә культура азааигәахара амотивқәа рыла абзиабара ауп.
Афильм арбара иалагаанӡа Џьума Аҳәба иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Сангәылиа акыр шықәса рыҩныҵҟа афильм зҭаҩыз аплионка аԥшааразы акырынтә аҽазышәарақәа шыҟаз, урҭ рахьынтә акы шыманшәалахаз атәы еиҭалҳәеит.
Арежиссиор иахымыццакәа ажәабжьҳәареи апоезиатә тексти рхархәарала Гьаргь Гәлиа ирҿиамҭақәа ирҷыдаҟазшьаны иҟоу аразра зныԥшуа аиумор ахәаԥшцәа рызнагара илшеит. Ретушла арҽеирада аплан ду ала иарбоу зеиӷьаҟам ахаҿқәа, асахьа еиҳа улахь иааиуа иҟаларц азы афильтрқәеи анаҩстәи аредактуреи рхархәарада иҭыху аԥсабара, уҳәа зегьы, Аԥсны агеографиатә обиект аҳасабала адагьы, зыԥсы ҭоу, ауаа рацәажәара зылшо аорганизм аҳасабала иаанарԥшит. Алықьса Чичба ииҩыз амузыка акиносахьа аҟынтәи анырра еиҳагьы иарӷәӷәон.
Ҷыдала иалыскаар сҭахуп аԥснытәи ақәра ду нызҵаз абыргцәа рыԥсҭазааратә ԥышәа аҿар иахьрымардо афрагментқәа. «Ауаҩроуп иҟоу». «Аламыс аԥсҭазаара аҵкьыс еиҳауп», «Сыжәлар ахьыҟоу саргьы сыҟоуп», «Иулааӡоу цәыӡшьа амаӡам» – абар аԥснытәи абыргцәа рдунеихәаԥшышьа имаҷу ахәҭак. Урҭ рхы-рҿы зырӷӷо акаҷрақәеи, хапыцқәак рыҟамзаареи - ари ажәра иаҟазшьаны иҟам. Ижәбондаз аиумори аиҿамсреи аус азхиареи зхыубаало урҭ рыблақәа. Урҭ гәы-шьамхыла акәымкәа гәаҭала аашьара иацәааԥсахьоу ҳаамҭазтәи аҿар рхаҭарнакцәақак раҵкьыс иҿоушәа унарбоит.
Афильм анҵәамҭазы аамҭа аанкылазшәа убоит. Абыргцәа рҟәышра, аԥсадгьыл иблахкыгоу аԥсабара, уи ахатәҟазшьа змоу акультура ус ҳарҳәошәа иубоит: ҳара иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит шәара ишақәнаго еиԥш шәынхаларц, Шәыԥсадгьыл шәыхьчала – уи зегьы ирыцкуп, еиҳау мал ыҟаӡам!