pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба тҟәарчалаа ақалақь амш рыдиныҳәалеит
«Тҟәарчал Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Жәашықәсала атәыла аиндустриатә центр хадақәа ируакын, мҽахы ҭбаала иҿион.
Тҟәарчал ақалақь 84 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит
Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал шьаҭаркуижьҭеи 84 шықәса аҵра азгәанаҭоит. Акрызҵазкуа арыцхә инамаданы ақалақь аҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Аныҳәа иалагеит ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониала, аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Тҟәарчал араион ахада Герман Каҷараа, Смоленсктәи атәылаҿацә Адума акомиссиа ахантәаҩы Михаил Лосенко зхадараҿы дыҟоу аделегациа, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, ауаажәларра, аусмҩаԥгатә алахәылацәа Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи ргәаладыршәеит.
Тҟәарчал шьаҭаркын 1942 шықәсазы арацәа ааглыхра аиндустриатә центр аҳасабала. Атәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы Тҟәарчал, ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ аиуит 1992-1993 шш. ауааԥсыра рычҳареи ргәымшәареи иабзоураны. Аныҳәатә программа шьақәгылоуп еиуеиԥшым ақәгыларақәа рыла.
Мадина Бигәаа лцәыргақәҵатә проект ASHAMTA аатит ацәыргақәҵатә зал хадаҿы
Руслан Бганба агәыҳалалратә фонд «Ашана» ахылаԥшратә хеилак ахь далхуп
Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба агәыҳалалратә фонд «Ашана» ахылаԥшратә хеилак ахь далхуп ҳәа аанацҳауеит афонд Telegram-канал аҿы.
Ақалақь асимвол дырхынҳәит: Тҟәарчал адәахьтәи асааҭ ҿыцқәа шьақәдыргылоит
Очамчыра араион ақыҭақәа хԥа рҿы амемориалтә ӷәқәа шьақәдыргылеит
Очамчыра араион ақыҭақәа хԥа рҿы, ианиаамҭаз аԥсуа литература абду, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа аус ахьиуаз ашколқәа рҿы амемориалтә ӷәқәа шьақәдыргылеит.
Азанааҭхырхарҭатә лингвистикатә викторина мҩаԥыргеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ашколхәыҷқәа рзанааҭхырхарҭатә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны алингвистикатә викторина «Аурыс ажәа адунеи» мҩаԥысит.
Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩ Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩы, аполковникеиҵбы Васили Квитко дҭахеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа.
Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз Даӷьсҭан азы агуманитартә цхыраара азнархиоит АҶА
«Уажәазы иаздырхиахьеит 20 тонна аӡыржәтә зҭоу аидара мҩангага машьынақәа ԥшьба. Иахьа аидарақәа реиқәыршәара хыркәшаны Даӷьсҭанҟа ҳдәықәлоит. Аҭыԥ аҿы ҳаннеилак аилацәажәара мҩаԥаагахоит, еилкаахоит ԥхьаҟатәи аусқәа рыплан», – иҳәеит АҶА ахада аԥыза-министр иҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.
«Иаку» абилеҭ ала Аԥсныҟа апассаџьырцәа рымҩангара еиҭахацыркхоит
«Иаку» абилеҭ ала Аԥсныҟа апассаџьырцәа рымҩангара еиҭахацыркхоит мшаԥымза 30 рзы, иагьымҩаԥыслоит 2026 шықәса цәыббрамза 30 рҟынӡа.








