«Сара, Аԥсны атәылауаа реиҳараҩӡак реиԥш, атуризм аминистрра аусзуҩцәа џьоукы ҳасасцәа рганахьала иҟарҵаз аҳәамҭа даараӡа исгәаԥхаӡом», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Ахада.
«Сара ҳтәыла ахьӡ, ахыԥша аԥхасҭа азҭо аҭагылазаашьа иақәҿыҭтәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ашәышықәсақәа раахыс ҳажәлар иныҟәыргоит даҽакы иаламҩашьо асасдкылара. Ҳара ахәыҷра ашықәсқәа инадыркны асас ҳаҭырқәҵарала ҳахьизыҟоу аҟнытә Анцәа абри адгьыл ссир ҳаҭәеишьеит ҳәа ҳазгәдуны иаҳҳәоит.
Иара убас ас еиԥш аҳәара зхы иаҭәазшьаз ачынуаа иргәаласыршәарц сҭахуп аибашьра ашьҭахь ԥсшьара Аԥсныҟа иаауаз асасцәа ҳашреигәырӷьоз. Ҳара иаҳҭаауаз асас дарбанзаалак иааира аҭынч ԥсҭазаарахь ахынҳәра иадырганы ҳахәаԥшуан.
Аԥсны милаҭрацәала еиланхо ҳажәлар гәахәарыла ирыдыркылоит асасцәа, ҳтәылаҟны аԥсшьара зҭахны, ҳжәытә ҭоурых еилызкаарц иашьҭоу, ҳаԥсабара аԥшӡара збарц агәаҳәара змоу зегьы, чыдала, ҳаиҩызаратә Урыстәылантә иаауа.
Ҳара ҳсасааирҭақәа русзуцәа, агидцәа, атуризм ауск иадыԥхьалоу зегьы гәцаракра рыҭо, гәык-ԥсык ала ишырзыҟоу ала иубоит Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рматериалтә ҭагылазаашьа иахәаԥшны ишеилырымхуа.
Сара агәра згоит, есышықәса миллионҩыла Аԥсны зыҧсшьара аамҭа зхызго аԥсшьаҩцәа чынуаақәак иазымхәыцкәа ирҳәаз ажәақәа ргәалаҟара шыбжьнамхуа», - ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Атуризм аминистр Логәуа Асҭамыр аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит инарҭабааны ауаажәларра рыҩныҵҟа акыр агәынамӡара зхылҿиааз азин узҭо адокументқәа рыдкылареи рыҭареи аҟәша аиҳабы Лакербаиа иҟалҵаз аҳәамҭазы лмаҵураҟнытә лхы дшақәиҭтәу.