АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Рашәара.2025

Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа» Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара аҿы аиааира ргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа » рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылара аҿы акоманда «Четыре татарина», иара убас Москватәи Авиациатә Институт еизгоу акоманда (МАИ) ираԥасны аиааира ргеит. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аиԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит «Нарҭаа» ркоманда акаԥдан Ҭемыр Ҭаниа.

Акаԥдан иажәақәа рыла, ахәмарра азыхынҳәра агәыхыҭхыҭрақәакгьы ацын, аха иззыԥшыз зегьы анагӡара алыршахеит.

«Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) алахәхара  – ари асценахь баша ацәырҵра акәымкәа, есымша имҩаԥысуа еицлаброуп. Ҳара аҭаԥхықәра шҳадыз еилаҳкаауан ашықәсқәа рышьҭахь ишахәҭоу ала иҳараку аҩаӡараҿы ҳреспублика ахьӡала ақәгылара азы. Ҳара маҷк ҳгәы хыҭхыҭуан, аха асцена ҳанаақәла, ҳамчи-ҳахшыҩи еилаҵаны, ҳҽааиқәыртәаны ҳақәгылеит, ишыжәбо алҵшәа бзиагьы ааҳарԥшит», – ҳәа гәахәарыла иазгәеиҭеит иара.

Ҭемыр Ҭаниа иара убас алафқәа рыхәҭак Аԥсны ишхәыцыз,  анаҩс урҭ Екатеринбург ақалақь аҿы апрофессионалтә авторцәа рыла инацҵаны аус шадулаз  азгәеҭеит.

«Ҳара акыр ҵуеит ҳмыхәмарижьҭеи. Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, аҽаԥсахуеит, Илахҿыху Еиҿамсу Рыклуб (КВН) убасҵәҟьа аҽеиҭанакит, убри аҟнытә ҳара ҳменталитетгьы ҳахәмаршьагьы здыруа авторцәа ҳганахьала ахшыҩзышьҭра аадырԥшит. Алафқәа рацәаны аҭыԥ аҿы ииуан. Номерқәак аредакциатә усураан ирҿыцын, еиҭакрақәак алагалан.  Ари имариам процессуп, ҳара ҳақәгыларара  еиҳа еиӷьны ҳҽазыҟаҳҵарц азы мчыбжьык иалагӡаны иааиԥмырҟьаӡакәа аредакторцәа ҳарԥылон», – ҳәа игәалаиршәеит Ҭемыр Ҭаниа.

Ахәмарра ателеверсиа Актәи аканал аҿы иддырбараны иҟоуп.

Афото - Дамеи Ҷанба.   


Read 30 times - Ахаша, 25 Рашәара 2025 13:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.